Александр Карелин Лыхны ақыҭан ахәыҷқәа рзы аҟазаратә-класс мҩаԥигеит. Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит ақыҭа ахадара ахыбраҿы цәыббрамза 28 рзы иаадыртыз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы азал ҿыц аҿы. Еизнагеит Аԥсны зегьы аҟынтәи аспортсменцәа ҿарацәа жәпаҩык. Карелин ақәԥара аҽазыҟаҵашьа амаӡақәа ртәы рзеиҭеиҳәеит, аспорт аҿы дызнысыз амҩа далацәажәеит, еиуеиԥшым ақәԥара атехникақәа дирбеит ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
Аԥсны аамҭала адәыӷбақәа рныҟәара аанкылоуп. "Аԥсныеихамҩа" Гагра араион "Ахьтәы пост" азааигәара аҟәарарӷәӷәаратә усурақәа мҩаԥыргоит. Аусурақәа иахьатәи амш иалагӡаны ихыркәшахоит, уи ашьҭахь аныҟәара еиҭашьақәыргылахоит. Аилахәыра Цандрыԥшьынтәи Аҟәанӡеи нас, уахьынтәи шьҭахьҟеи апассаџьырцәа иарбоу аамҭала рныҟәгара еиҿнакааит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныеихамҩа"
Аԥснытәи акоманда аԥҟышԥсыӡ акразы Актәи жәларбжьаратәи Евразиатәи ачемпионат иалахәхоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсыӡкреи ашәарыцареи рзы аспорт афедерациа ахада Альберт Бондаренко. Аицлабрақәа Адыгеиа аӡеизгарҭа Кужора аҿы жьҭаара 14 - 18 рзы имҩаԥысуеит. Аԥсны ахьӡала иқәгылоит фҩык ауаа, урҭ ҩ-командакны еихшоуп. Бондаренко иажәақәа рыла, аԥҟыш акра аԥснытәи аспортсменцәа рзы иҿыцу ԥышәоуп. "Ари зынӡа даҽа ԥсыӡкра хкуп, ҳара ҳзышьцылахьоу акәӡам, убри аҟнытә аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа амаҭәахәқәа рыла ҳаибыҭара иацхраауеит. Урҭ аҵараҿгьы, аҽазыҟаҵараҿгьы иҳацхраауеит", — иҳәеит иара.
250 тонна инареиҳаны аҽаҩра ҟанаҵеит сынтәа заатәи амандарина хкы Гал араион аҿы ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Лери Шьониа. Сентиабртәи асорт ҳәа изышьҭоу ари ахкы хәышықәса раахыс аиҭаҳара иаҿуп, ауаа иргәаԥхоит, агьама хаауп иҳәеит иара. Ахәгьы бзиоуп — 100 мааҭк инеиҳаны кьылак иаԥсоуп ҳәа инаҵишьит Шьониа. Иааидкыланы Гал араион аҿы амандарина аҽаҩра сынтәа еиҳа еиҵоуп ҵыԥх аасҭа, аха иара ианаамҭазы иаҭахыз ахәышәтәра ахьаиуз иабзоураны ахаҭабзиара бзиоуп ҳәа иазгәеиҭеит Шьониа.