АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Аԥсны аамҭала адәыӷбақәа рныҟәара аанкылоуп ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныеихамҩа".
"Аԥсныеихамҩа" Гагра араион "Ахьтәы пост" азааигәара аҟәарарӷәӷәаратә усурақәа мҩаԥнагоит. Аусурақәа иахьатәи амш иалагӡаны ихыркәшахоит, уи ашьҭахь аныҟәара еиҭашьақәыргылахоит.
Аилахәыра Цандрыԥшьынтәи Аҟәанӡеи нас, уахьынтәи шьҭахьҟеи апассаџьырцәа иарбоу аамҭала рныҟәгара еиҿнакааит.