Урыстәыла

Аҭынчразы Нобель иаԥхьахә ланашьахеит Венесуелатәи аоппозициаа раԥхьагылаҩ Мариа Мачадо

Мачадо 2014 шықәсазы Николас Мадуро иеиҳабыра иаҿагылаз ақәгыларақәа рҿы аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкын.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Аҭынчразы Нобель иаԥхьахә ланашьахеит Венесуелатәи аоппозициаа раԥхьагылаҩ Мариа Корина Мачадо.
Аԥхьахә аиураз акандидатцәа дыруаӡәкын Дональд Трамп.
Мачадо 2012 шықәсазы алхрақәа рҿы аҳәынҭқарра ахадарахь кандидатс дыҟан, 2011 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатс дыҟан. 2014 шықәсазтәи Николас Мадуро иеиҳабыра рҿагылараан аԥхьагылаҩцәа дреиуан.
Мачадо Нобельтәи ахеилак аԥхьахә лананашьеит "Венесуела ажәлар рдемократиатә зинқәа рыхьчаразы ааԥсара зқәым лџьабаази адиктатура аҟнытә адемократиахь ииашоу, ҭынчмҩала аиасразы лықәԥарази".