Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәеи иареи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа ирылацәажәеит. Азыҟаҵарақәа иаалырҟьаны агәҽанҵара ала иалагеит. Аруаа рҿаԥхьа иқәгылаз аибашьратә ҽазыҟаҵарақәа рынагӡара иалагеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. "Ас еиԥш аҽазыҟаҵарақәа аҟәшақәа аибашьра ишазыҟаҵоу агәаҭара анаҩсгьы, аҳәынҭқарра ахьчареи ашәарҭадареи рзы аҭакԥхықәра зду аусбарҭақәа зегьы реимадара шьақәдыргылоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада. Жьҭаара 13 инаркны 17 рҟынӡа Аԥсны Арбџьармчқәа роперативтә-тактикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.
Гәдоуҭа араион аҿы Аԥсны Арбџьармчқәа рштаб Хада аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны акомандаҟаҵара-штабтә мобилизациатә ҽазыҟаҵарақәа хацдыркит, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион арратә комиссар Замир Чкок.Уи иажәақәа рыла, арратә зыҟаҵарақәа, аибашьра аамҭазтәи аштатқәа инарықәыршәаны арезервтә хәҭа иаҵанакуа атәылауааи атехникеи рмобилизациа азԥхьагәарҭоит.Араион аҿы еиҿкаауп ақыҭаҿтәии ақалақьаҿтәии аизарҭатә ҭыԥқәа. Арезеристцәа аҩаша, жьҭаара 15, асааҭ 14:00 рзы реизара азгәаҭоуп.Азыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ахысга бџьари арратә техникеи рыла адәныҟатә ҽазыҟаҵарақәагьы рымҩаԥгарагьы азԥхьагәаҭоуп.
ААУ аҟазаратә факультет аҿы иаатит IX Жәларбжьаратәи арт- пленер "Аԥсны ҭагалантәи аԥшшәхәқәа".Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит Аԥсны, Москва, Санкт-Петербург, Новосибирск, Перм, Нхыҵ Кавказ арегионқәа рҟынтәи аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәеи еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәеи – иааидкыланы 30-ҩык инареиҳаны аҟазацәа. Асахьаҭыхыҩцәа аус рулоит Аҟәа, Афон ҿыц, аӡиа Риҵа, Очамчыра араион рҿы. Апроект жьҭаара 20 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афоие аҿы аусумҭақәа аҵыхәтәантәи рцәыргақәҵа ала ихыркәшахоит.
Афестиваль "Укәаша, ушәаҳәа, с-Урыстәыла, Сыԥсынтәыла!" аконцерт ду мҩаԥысуеит Аԥсуа театр аҿы жьҭаара 13 рзы.Ас еиԥш аусмҩаԥгатә Аԥсны амҩаԥгара даара акраҵанакуеит Урыстәылеи ҳареи ҳкультуратә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа азгәеиҭеит акультура аминистр Даур Ақаҩба Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы. Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 250-ҩык артистцәеи арҿиаратә коллективқәеи злахәхо аконцерт ду аламҭалазы, уи алахәылацәеи ауаажәларреи рзы аҟазара-классқәеи алекциақәеи еиҿкаан. Апроект мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра ахада ифонд акультуратә хаԥшьгарақәеи "Росконцерт"-и рыцхыраарала.