Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәаҿы 50 инареиҳаны ахәаахәҭратә ҿхышәқәа ықәыргеит. "Ҳԥшаҳәа аиҭашьақәыргылазы аҽазыҟаҵарақәа актәи ахәҭа мҩаԥысуеит. Уажәазы 55 инарзынаԥшуа ахәаахәҭратә ҿхышәқәа ықәыргахьеит, 40 раҟара аанхеит. Амза 20 рҟынӡа урҭгьы ықәыргоит", — иҳәеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба. Ҭагалан Диоскураа рыԥшаҳәа мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргылара иалагоит. Ҭарба иҳәеит иаарласны уи азы Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи аспециалистцәа шаауа.
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" жьҭаарамза 31 рҟынӡа аҿҳәара иацҵоуп. "Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иҳауа азыҳәақәа рхыԥхьаӡара мацара адагьы, аинтерес шеизҳаз аазырԥшуа ҭелла азҵаарақәа рыҟаҵарагьы рацәахеит. Аӡәырҩы маҷк еиҭа аамҭа рырҭарц аҳәара ҟарҵон. Аҿҳәара анахарагьы урҭ аҳәарақәа рҭак ауп", — ҳәа иҳәеит апроект аҳәаақәцаҩ Максим Гәымба. Аицлабра атуризм аиндустриа арҿиара хықәкыс иамоуп. Аиааира зго рпроектқәа рзы миллион мааҭ рҟынӡа агрантқәа роур рылшоит, льготалатәи акредитқәа рыҭараз апрограмма алахәхарагьы рылшоит. Урҭ аԥыжәара рыманы адгьылқәа қьырала ргаразы административтә цхыраара роуеит.
Белгородтәи аобласт афронт иаԥну аҭыԥқәа рҟынтәи гәыԥҩык ахәыҷқәа Аԥсныҟа ԥсшьара иааит. 50-ҩык ахәыҷқәа ҩымчыбжь Пицунда раамҭа рхыргоит. Абри аамҭа иалагӡаны ҳасасцәа қәыԥшцәа Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәеи, аԥсабареи, акультуреи ҭырҵаауеит. Атуризм аминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рыла, арҭ Украина Арбџьармчқәа ааха зырҭаз араионқәа рҟынтәи ахәыҷқәа аҩбатәи ргәыԥ ауп. Раԥхьатәи агәыԥ Аԥсныҟа иааит ԥхынгәымзазы.
*2024 шықәса нанҳәамза инаркны Урыстәыла АҶА аусзуҩцәа Курск аҳәаа иахьаԥну аҭыԥқәа рҿы 15 000 инареиҳаны аџьаԥҳаны еиҵырххьеит. Урҭ рахь иаҵанакуеит 100 раҟара ажәыларатә дронқәеи ФПВ дронқәеи. "Атрофеиқәа иреиуоуп абомба казыжьуа адрон "Авенджер". Уи ԥшь-кьылак рҟынӡа ахьанҭара змоу аибашьыга хгәыцә аныҟәгара алшоит. Ари ахархәара рацәа змоу дронуп, 1 500 метра аҳаракыраҿы 80км/с аццакыра аманы иԥрыр алшоит", — иҳәеит "Илаи" ҳәа хьыӡҷыданы измоу Урыстәыла АҶА апиротехникатә отриад аидкыла гәыԥ аиҳабы. Иаҭаз адҵа инақәыршәаны адрон, аҳәаа иаԥну ақыҭақәа ирықәлар акәын.