Ихадоу атемақәа

Sputnik
2025 шықәсазы Аԥсны ахьҭа ӷәӷәақәа ҟамлар аамҭа-аамҭала алашара ҳарцәаӡом ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал. Иара убас иазгәеиҭеит, Аԥсны Урыстәылантәи акоммерциатә фымцамч шаиуа. Нанҳәамза инаркны хәԥсала трансфертқәа рыла ишроуа аилкаара ҟаиҵеит. Нанҳәамза инаркны 175 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара шыршәахьоу, абҵарамзазы иазгәаҭоуп 90 миллион мааҭ рҟынӡа ашәара, ԥхынҷкәынмзазы афымца ахархәара аизаҳара иахҟьаны 300 миллион мааҭ рҟынӡа аҭаххар ҟалоит.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба идикылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Владимир Спивакови. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Аԥсны мацара акәымкәа, егьырҭ атәылақәа рзгьы иҷыдоу хҭысны ишыҟоу. "Уи аидеологиатә гәацԥыҳәара азҭаз Хьыбла Гьерзмааԥҳа ҳреспублика хәыҷы адагьы, Урыстәыла дугьы ахьӡ ҭылгоит. Ари акыр зҵазкуа, зымҽхак ҭбаау хҭысуп. Даҽазныкгьы бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳәо ҭабуп ҳәа шәасҳәоит афестиваль шәахьалахәу. Шәара, шәаара, шәколлегацәа, ахьӡ ду змоу амузыкарҳәаҩцәа, аопера анагӡаҩцәа арахь шәаара ҳара еиҳа ҳарӷәӷәаны, ҳхы ҳақәгәыӷуа ҳҟанаҵоит ", — иҳәеит атәыла ахада.
2030 шықәсанӡа Аԥсны шықәсык ахь хәмиллионҩык атуристцәа рыдкылара алыршара азԥхьагәаҭоуп ҳәа иҳәеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа. Иара Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥгаз аилатәараҿы атуристтә аамҭахәҭазы заанаҵтәи аихшьаалақәа ҟаиҵеит. Аԥсны алшықәсак атуризм аус аурц азы аусбарҭақәа зегьы аҽазышәарақәа ҟарҵароуп ҳәа иԥхьаӡоит аминистр. Лаҵарамзазы иаатыз аҟәатәи аҳаирбаӷәаза уи азы ицхыраагӡа дуны иҟалеит.
Оскар Гәазаа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи 4-тәи абжьаратә школ еиҭашьақәыргыланы ашәқәа аадыртит. Аусмҩаԥгатә аартра иаҭааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, Аҵара аминистр Хана Гәынба, аиҳабыра алахәылацәа, аиҭашьақәыргыларақәа афинанстә цхыраара рзызуаз Ӷәазаа рҭаацәара. Аҳәынҭқарра ахада амеценатцәа ашкол иарҭаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. "Сара ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп ашкол адгылара ахьашәҭо азы. Шәусқәа аӡәырҩы рзы иҿырԥш бзиоуп. Шәпатриотизми шәыжәлар рахь ишәымоу абзиабареи аанарԥшуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.