Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №4 еиҭашьақәыргылоуп зыхьӡ ахәу аҭаацәа рыбзоурала

Sputnik
Оскар Гәазаа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи №4 абжьаратә школ акапиталтә ремонт ашьҭахь ашәқәа аанартит. Аҭоурых ду змоу ашкол аиҭашьақәыргылара алыршахеит ашкол зыхьӡ аху Аԥсны Афырхаҵа Оскар Гәазаа иҭаацәара иҟарҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны. Ашкол аиҭашьақәыргылара ахьынӡацоз, изыхьӡаз аусурақәеи, иахьатәи ашкол аҭагылазаашьеи атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит адиректор Манана Арӡынба.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.