АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра 54,7% иаку ареспубликатә аҿар реиҿкаара аҭахуп ҳәа рыԥхьаӡоит, даҽа 32% "еиҳа ааи акәхоит" ҳәа авариант алырхит.
"Аԥсны аҿар реиҿкаарақәа: лабҿабеи агәыӷреи" аналитикатә ҳасабырба ала 18-29 шықәса зхыҵуа аҿар реиҳараҩык аԥшьгамҭа ргәаԥхеит — 62,2% "ааи" ҳәа аҭак ҟарҵеит, даҽа 28% — "еиҳа ааи акәхоит" ҳәа. Ақәра еизҳацыԥхьаӡа адгылара еиҵахоит: 50 шықәса зхыҵуа рахьтә 46% хымԥада иадгылоит, 37,1% аҭак ҟарҵеит "еиҳа ааи акәхоит" ҳәа.
Аҵаҩцәа иаку аиҿкаара аԥҵара еиҳа иадгылоит — 94,9%, 69,5% уи агәра гаҵәҟьаны аҭак ҟарҵеит. Ахатә наплакқәа рҿы аус зуа рыбжьарагьы адгылара ҳарак ааԥшит, ус зымуа — еиҳа имаҷны.
Аҭак ҟазҵаз аӡәырҩы иазгәарҭеит ауаажәларратә ԥсҭазаара алахәхаразы алшарақәа шмаҷу. Убри аҟнытә, иаку аҿар реиҿкаара аԥҵара активтә аҿар реидкылареи ари ахырхарҭала аусура алҵшәа аиӷьтәреи рзы илшараны ирыԥхьаӡоит.
Аҭҵаара мҩаԥыргеит ААУ-и МАУ-и рҵарауаа 2025 шықәса нанҳәа-цәыббра амзақәа рзы. Уи иалахәын Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи зҵареи заагарҭеи еиԥшым 600-ҩык ауаа.