Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аҟәа имҩаԥысит изакәаным аргыларақәа раарԥшразы аусмҩаԥгатәқәа.Аҟәа ақалақь архитектор хада Бислан Багаҭелиеи, апрокуратура ахаҭарнакцәеи, араионтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи изакәанымкәа идыргылаз ахыбрақәа рҭыӡҭақәа рахь инеины аҭагылазаашьақәа гәарҭеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара."Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, ҳара есымчыбжьа агәаҭарақәа мҩаԥаҳгоит. Ақалақь аҿы азакәан еилазго аргылақәа рацәоуп. Ҭыԥқәак рҿы аихагылақәа дыргылахьеит, даҽа ҭыԥқәак рҿы аргыларақәа рышьаҭа ркуеит", — ҳәа иҳәеит Бислан Багаҭелиа.Иара иажәақәа рыла, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥгалахоит.
Путин адгьылтәи, амшынтәи, аҳауатәи еилазаарақәа злахәыз астратегиатә иадертә мчқәа иазгәаҭоу разыҟаҵарақәа мҩаԥигеит.Урыстәылатәи аруаа Плесецктәи акосмодром аҿы иҟоу еиҭаҵуа адгьылтә комплекс "Ярс", Баренц имшын аҿы амшынаҵатәӷба "Брянск", астратегиатә бомбакажьга Ту-95МС рхы иадырхәеит аиадертә мчқәа разыҟаҵараҿы.Азыҟаҵарақәа рҿы арратә напхгара разыҟаҵара аҩаӡара ԥышәан.
Абзазаратә ҭахрақәа рхархәаразы афымцамч анашьҭаразы ауаажәларратә оферта аиқәшаҳаҭра ахархәаҩцәа рзинқәа еиланагоит ҳәа азгәалеиҭеит Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа.Аҳәынҭқарра аԥыза-министр Владимир Делба иахь иҟалҵаз ааԥхьараҿы лара иазгәалҭеит аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа афымцамчхара аиԥҟьареи ахаҭабзиара аҟамзаареи, иара убас абонентцәа аԥхасҭа роуреи рзы "Амшынеиқәафымцамч" аҭакԥхықәра шԥыркуа.Кьышьмариаԥҳа иазгәалҭеит, абонентцәа ииашам аԥҟарақәа ирықәшаҳаҭхымхар шамуа, ус анакәымха афымцамч рымамкәа иаанхар шрылшо, уи анаплакы амонополиатә ҭагылазаашьала ахархәара шакәу.
Аҳақьымцәа хәыда-ԥсада Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рырҭоит.Асабша, жьҭаара 25 асааҭ 09:00 инаркны 14:00 рҟынӡа, Лыхны ақыҭа ахадара ахыбраҿы аҳақьымцәа — атерапевтцәа, апедиатрцәа, апроктологцәа уҳәа егьырҭ аспециалистцәа абжьгарақәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит "Гәдоуҭа-ТВ" асаит.
Уаҵәы, жьҭаара 23 рзы Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит. 220 кВ амчхара змоу Тҟәарчалтәи Аҳәынҭқарратә араионтә фымцастаниаҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны, Очамчыратәи афымцацәаҳәа ашьыжь асааҭ 07:00 инаркны асааҭ 8:00 рҟынӡа иаҿыххоит ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.Сааҭк лашарада иаанхоит Аҟәа, иара убас Аҟәа, Тҟәарчал, Гагра, Гәдоуҭа араионқәа.Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, аусурақәа рызкуп аӡын аамҭазы афымцамчла аиқәыршәара аиӷьтәреи аиԥҟьарақәа раԥырҟәҟәаареи.