Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы арҵаҩцәа разымхара ӷәӷәа ыҟоуп, ақалақьтә школқәа рҿгьы убрахь иналаҵаны ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит ААУ аҭҵаарадырразы аректор ихаҭыԥуаҩ Роман Дбар. «Еиҳарак ари апроблема ҵарны иқәгылоуп ақыҭа школқәа рҿы», — ҳәа иазгәеиҭеит иара. Ауниверситет активла азанааҭалхратә усура мҩаԥнагоит, акадрқәа ахьмаҷу азанааҭқәа рахь аҵаҩцәа радԥхьаларазы араионқәа ирҭаауеит. Аха ари апроблема аӡбара злалшо азеиԥшҳәынҭқарратә знеишьала мацароуп", — ҳәа азгәеиҭеит аректор ихаҭыԥуаҩ.
Аҟәатәи адәыӷбавокзал аҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара маҵзура ауада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшоуп. Иара убас, уаҟа амилициатә ҟәша аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Уи анхыркәшахалак аусуразы ҩ-еихагылак аартхоит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныеихамҩа".Аихамҩатә аангыларҭа аҷаԥшьаратә усзуҩцәа рхыбра зегьы еиҭашьақәыргылоуп: адәахьтәи ахаҿра рҿыцуп, аҩнуҵҟатәи ауадақәа еиҭашьақәыргылоуп, амҩаԥгаҩцәеи адәыӷба аныҟәцаҩцәеи рзы аԥсшьарҭа уада еиқәыршәоуп.Аамҭа кьаҿк иалагӡаны аԥенџьыр ҿыцқәа ықәдыргылоит, уаанӡа ашәқәа рыԥсаххьан. Уи анаҩсгьы ахыб рҿыцуп.
Москва Аԥсни Урыстәылеи ромбудсменцәа ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы ҩганктәи аусеицура иалацәажәеит.Аиԥылараҿы Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Урыстәыла ахада иҿы иҟоу аомбудсмен Мариа Львова-Беловеи Аԥсны ахәыҷтәы аомбудсмен Мактина Џьынџьолԥҳаи амеморандум анагӡаразы иалкаау ашьаҿақәеи, аҩ-ҳәынҭқаррак рҿы аомбудсменцәа русбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәеи ирылацәажәеит.Аԥсуа ган ихадароу атемақәа жәпакы азгәанаҭеит:▫️ахәыҷтәы психиатриатә усбарҭақәа рыҿиара,▫️амедицинатә маругақәа реиҭарҿыцра,▫️ахәыҷқәа акибершәарҭарақәа рацәыхьчара.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба "Алаф клаб" аиубилеитә хәылԥазы даҭааит иацы.КВН акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" аԥҵоуижьҭеи 25 шықәса ахыҵреи "Алаф клаб" аԥҵоуижьҭеи 15 шықәса ахыҵреи ирызкыз аусмҩаԥгатә аныҳәатә ҭагылазаашьа аманы ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. "Аԥснытәи Нарҭаа" ахәаԥшцәа ирыдыргалеит рномерқәа аҟынтәи иалкаақәоу ирҿыцны, иара убас ҷыдала аиубилеи иаздырхиази.Аҳәынҭқарра ахада акоманда алахәылацәа аиубилеи рыдныҳәало иазгәеиҭеит, амилаҭтә культура аҿиареи Аԥсны аӡыргареи рҿы рлагала атәы.