Арадио

Аенергетикцәа ирзырхоу аудиториа аатит ауниверситет аҿы: еилаҳкаауеит уи аус шауло

Sputnik
«Энергетик будущего» захьӡу аудиториа аатит ААУ. Ауниверситет аректор ихаҭыԥуаҩ Роман Дбар иажәақәа рыла ҳтәылаҿы аенергетика иадҳәалоу атемақәа зегьы актуалра рыцуп, аԥсҭазаараҿы иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит. Ари апроект залыршахеит Резо Занҭариа напхгара зиҭо Аҟәа ГЕС ацхыраарала. Хықәкы хадас иамоузеи иара, инанагӡало арбану, иззырхада, насгьы ихымԥадатәины изыҟалеи, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.