Аԥсны, аҳәаанырцәтәи аҳаиреилахәырақәа жәларбжьаратәи аҳаирмҩангарақәа рзы иҟарҵо амаҵзурақәа рзы аҳаирбаӷәаза аоператорцәа ахәԥсацҵа ашәахтә азы анольтә зыԥҵәа шьақәдыргылеит. Аиҭакрақәа адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит. Адокумент рыдыркылеит 2025 шықәса лаҵарамзазы, аҳаирбаӷәаза аусура ианалага ҳәа иҳәеит Жәлар Реизараҿы аҳәынҭқарра ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба. Усҟан Аминистрцәа реилазаара АЦА аҟынтәи зых иақәиҭтәхо амаҵзурақәа рсиа еиқәнаршәарц еиқәшаҳаҭхеит, анаҩс уи Апарламент азакәанԥҵараҿы ишьақәнаргыларц
Аԥснытәи аделегациеи Красноиарсктәи атәылаҿацә анапхгареи алацәажәеит ареспубликахь ишиашоу аҳаиреимадара аартра алыршара ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан. "Ихадоу азҵаарақәа иреиуан Красноиарсктәи атәылаҿацә ауааԥсыра Аԥсныҟа ԥсшьара рааразы ишиашоу аҳаиреимадара аиҿкаара. Уи ареспубликахь ишиашоу атуристцәа раара алнаршоит, ҳәарада ари аҩганк рзы аинтерес аҵоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Миносиан. Иара иазгәеиҭеит, ари аԥшьгамҭа анагӡара анапхгаратә мчрақәа рымацара рыдагьы, аҳаиреилахәырақәа шрыдҳәалоу, урҭ рганахь алагьы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥысуа.
Аԥсны хаҭалатәи атәанчахәы еизҳаит. Уи азы аӡбара рыдыркылеит Апарламент адепутатцәа жьҭаарамза 28 рзы имҩаԥысуа аилатәараҿы. Хаҭалатәи атәанчахәы рырҭоит Аминистрцәа реилазаара аӡбарала: I агәыԥ иаҵанакуа аибашьра аинвалидцәеи, аҭынчра аамҭазы Аԥсадгьыл ахьчараҿы ахәра ӷәӷәа зауз I агәыԥ аинвалидцәеи. Ареспубликаҿы иарбоу атәанчахәы зауа 106-ҩык ыҟоуп.
Дамир Кәыҵниа Апарламент аҿы Аԥсны Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩыс дшьақәдырӷәӷәеит. Асессиа аилатәараҿы уи икандидатура рыдигалеит Апрокурор хада Адгәыр Агрба. Абжьыҭара иалахәын 31-ҩык адепутатцәа. 30-ҩык адепутатцәа адгылара ирҭеит, биуллетенк амч ацәыӡит ҳәа ирԥхьаӡеит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аҟәа. Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит апартиа "Аԥсны жәлар Рфонт" аԥҵара 10 шықәса ахыҵра азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иалахәын Аԥсны аҵара аминистр, апартиа алахәылацәа, аҿари арратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.