Амҩаҿы адырга иарбоу аццакра аныҟәцаҩ дахьынӡахысыр алшо ахыԥхьаӡара еизырҳауп. Уи азы административтә закәанеидкыла аԥсахрақәа аларгалеит Аԥсны Жәлар реизара аилатәараҟны жьҭаара 28 рзы. Уажәшьҭа амашьынаныҟәцаҩ иарбоу аццакра сааҭк 20 километра данеиҳахо ауп ахараԥса аниқәырҵо, уаанӡа 10 километрак деиҳамхар акәын. Апарламент адепутат Беслан Ҳалуашь еиҭеиҳәеит азакәан арҽеирақәа алагаларазы ас еиԥш аӡбамҭа зрыдыркылаз атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.