Ихадоу атемақәа

Sputnik
260 миллион мааҭ инареиҳаны иныхуп нанҳәамза алагамҭа инаркны Урыстәылантәи иаауа афымцамч азы.Алашара мҩанысуеит уахынлеи аԥсшьарамшқәеи раан, избан акәзар ари аамҭазы ахәқәа еиҳа илаҟәуп ҳәа адырра ҟанаҵеит Аенергетика аминистрра."Убас ишыҟоугьы, ҳара иааҳхәо афымцамч ахәԥса Аԥсны афымцамч азы ибжьаратәу ахәԥсақәа раасҭа ҩынтә еиҳауп", — ҳәа аҳәоит аҭыжьымҭаҿы.Аминистрраҟны иазгәарҭеит ари афымцамч иахыршәаауа ахә аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи акәымкәа атәылауаа рхы иадырхәаз афымцамч иахыршәааз аԥарақәа рҟынтәи шакәу.
Урыстәылатәи аҳақьымцәа "Миссия Добро" апрограммала Аԥсны 200-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа гәарҭеит.Урҭ рахьтә 80% раҟара аутисттә спектр аилагарақәа, агенетикатә чымазарақәа змоу, рықәра ишақәшәо еиԥш имеизҳауа уҳәа ахәыҷқәа роуп ҳәа арадио Sputnik аҿы иҳәеит аҳақьым-ареабилитолог Пиотр Игнатовски.Иара иажәақәа рыла, ахәыҷы ҩышықәса ихыҵаанӡа ацәажәара иҽазимкуазар, хәышықәса ихыҵаанӡа аспециалистцәа рыцхыраара имоур, ипроблемахоит. Убри аҟнытә заа аҳақьым идҵаалара хымԥадатәны иазыиԥхьаӡоит аҳақьым
Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглов Аԥснынтәи аделегациа дырԥылеит.Иара иааԥхьарала аҩадатәи аҳҭнықалақь аҿы рыԥсы ршьоит 42-ҩык ашколхәыҷқәеи, аусхкырацәатә коллеџь 8-ҩык астудентцәеи, хәҩык аиҳабацәеи.Урҭ рзы акультуратә программа еиҿкаауп, аколлеџь астудентцәа азанааҭтә ҟазаразы ачемпионат "Азанааҭдырҩцәа" афинал азы аҵаратә программа иалахәуп.Бегловасасцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит, Санкт-Петербург аҵарадырразы иҟоу алшарақәа дрылацәажәеит, иааиуа ашықәс азы Аԥсны ахаҭарнакцәа афестиваль "Алые паруса" ахь ааԥхьара шроуа реиҳәеит.
"Аимҵакьачара" азы раԥхьатәи ачемпионат аҩбатәи атур мҩаԥысит Ҷлоу ақыҭан.Ачемпионат аӡбаҩ хада Валери Берзениа Sputnik излазеиҭеиҳәаз ала, аа-командак рҟынтәи быжьба аҩбатәи атур рхы аладырхәит. Ԥақәашь ақыҭантәи ахәмарыҩцәа аицлабрахь имнеит, убри аҟнытә иаҵахеит ҳәа иазыԥхьаӡахеит.Афонҿыцтәи "Аԥсари" Кәтолтәи "Бзанеи" реиқәшәараҿы "Аԥсар" аиааира агеит 6:1 ҳәа. Ҷлоутәи "Абраскьыл" Аҟәатәи актәи ашкол аҵаҩцәеи 12:3 ҳәа ихәмарит. Аҟәатәи ахәбатәи ашкол 43:6 ҳәа Ҷлоутәи аиҵбыратә команда иаиааит.Ачемпионат ахԥатәи атур мҩаԥысраны иҟоуп Дәрыԥшь ақыҭан абҵарамза 9 рзы.