Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба 2026 шықәсазтәи аҵарашықәс азы ар разыҟаҵаразы адҵақәа ҟаиҵеит. Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭоуп аибашьреи ар рҽеизгареи рҽырзырхиара, Абџьармчқәеи амчратәи аҳәынҭқарратәи усбарҭақәеи рыбжьара анапхгараҭареи аинырреи реиӷьтәра. Ашықәс иалагӡаны еицырзеиԥшу адҵаҟаҵара-штабтә зыҟаҵарақәеи аҵакырахьчарази ар рҽеизгаратә зыҟаҵарақәеи рзы аҽазыҟаҵарақәеи рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп. Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хада – ар рдыррақәа рыҩаӡара аиӷьтәреи, ҳаамҭазтәи аибашьратә ҭагылазаашьақәа рҽырзырхиареи, ацәҟьара икылкааны иақәшәо абџьари адронқәеи рхархәарагьы уахь
Аҟәатәи алхратә комиссиа аиҳабы Алмас Џьапуа ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит абҵарамза 8 рзы имҩаԥысраны иҟоу аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рҿы активра аадырԥшырци рыбжьы рҭирци. АИХқәа рзы абрифинг аҿы иара иҳәеит алхрақәа рахь инеиуа рхыԥхьаӡара 25% инамӡар, алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ишыԥхьаӡахо, даҽазнык ишымҩаԥгатәхо.
Архитекторцәа Диоскураа рыԥшаҳәа ахҟьаразы еиуеиԥшым авариантқәа ирызхәыцуеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь архитектор хада Бислан Багаҭелиа. "Уажә ишьҭоу ахаҳәҟьаԥс ԥхасҭахеит, зынӡа иқәгатәхоит. Уи адагьы, иара ақәҵашьа акыр еилаԥсоуп, асахьақәа еиԥшӡам, дара ахаҳәҟьаԥсқәа рхаҭақәагьы еиԥшым", — ҳәа иҳәеит иара. Багаҭелиа иажәақәа рыла, урыстәылатәи аилахәырақәа рхатә хаҳәҟьаԥс рыдыргалеит, аха агранит ҳәа изышьҭоу аҭыԥантәи ахаҳә иалххар ҟалоит.
Жәларбжьаратәи ашьҭазаараҿы иҟоу Ермантәыла атәылауаҩ Аԥсны дааныркылеит. 39 шықәса зхыҵуа Гор Асатриан ашьауӷатә шьҭазаара иҽацәыҵәахны, аԥаршеи документқәа ихы иархәаны ареспубликаҿы дынхон ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура. Асатриан анаркотикқәеи абџьари закәаншьаҭада реикәыршаразы Интерпол ала иԥшаара рылаҳәан. Аоператив-ҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура зыцәгьоурақәа рыҵәахразы изакәанымкәа атәылахь иаауа аҳәаанырцә уааԥсыра рыԥшаареи Аԥсны ралцареи рзы аусмҩаԥгатәқәа еиҿнакаауеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.