Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Владислав Арӡынба ирезиденциа ахьыҟаз Гәдоуҭатәи аҩны музеины иҟалоит. Кьаразаа рымҩа 93 аҿы иҟоу 1905 шықәсазы иргылаз ахыбра аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иааихәеит. Асеиԥш ала аӡбамҭа шаҟа иахәҭаны иҟоузеи, иарбан хықәку иалнакаауа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар риааира алахьынҵа ахьырыӡбоз ахыбра иабанӡарацәоу иадҳәалоу аҭоурыхқәа, ԥхьаҟа имузеихаран иҟоу аҩны Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи арратә хьӡи-ԥшеи рмузеи иаҭоуп. Уи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уи аҵакы атәы.
Шәазыӡырҩы аудио.