Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи аконференциа "Ахырхарҭарацәатә дунеи аҿы алхрақәа: асуверенитет, агәреибагара, аелекторалтә процессқәа рҽеиҭакра".Амилаҭтә библиотекаҿы еизеит Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, ПМА, Никарагуа, Аргентина, Кениа, Ефиопиа, Сербиа, Франциа, Италиа рхаҭарнакцәа.Аԥсны Алхратә комиссиа хада анапхгаҩы Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит) аусмҩаԥгатә атема даара актуалра шаҵоу.Адунеизегьтәи апроцессқәа ареспублика ианыԥшуеит, атәыла азакәанԥҵара жәларбжьаратәи азԥҵәақәа рықәыршәара акырӡа аҵанакуеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа лаҵарамза 8 рзтәи алхрақәа рҟны азинеиҿкаара ахьчаразы аусуратә режим ӷәӷәахьы ииагоуп.Алхратә ҭыԥқәа 211 рҿы 500-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа аус рулоит."Алхратә процесс аилагара алмыршаразы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы мҩаԥысуеит", — ҳәа аҳәоит аусбарҭа аҭыжьымҭаҿы.Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа уаҵәы Аԥсны араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысраны иҟоуп. 280-ҩык инареиҳаны аҭыԥантәи адепутатрахь еиндаҭлоит.
Гәдоуҭатәи араионтә поликлиникаҿы хәышә метра ԥшьаркца ахыб ԥсахуп. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ԥхынгәымзазы агәаҭарақәа анымҩаԥигоз адҵа риҭеит амедусбарҭа аиҭашьақәыргыларазы иҳәеит Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анаԥхгаҩы Демир Гамсаниа.Ахыбра аҭоурых-культуратә ҭынха иахыԥхьаӡалоуп, убри аҟнытә аргылаҩцәагьы ареставрациагь мҩаԥыргоит. Гамсаниа иазгәеиҭеит ахыб аиҿартәашьа шыуадаҩу, аха аҟазацәа уи ахыбра шрылшо. Аусурақәа иааизакны 1500 метры ԥшьаркца ыҟоуп.
Еврокомиссиа урыстәылаа шенгентәи авизақәа рыҭара азин ааннакылеит.Иахьа инаркны иалагалоу аԥкра аусура иалагеит.Уажәшьҭа, Европаҟа аныҟәаразы, еснагь адокументқәа ҿыц ирыдгалатәхоит. Уи адагьы, азыҳәамҭақәа ирӷәӷәоу агәаҭарақәа ирхыслоит.Европатәи аидгыла иалоу атәылақәа рҿы зыуацәа нхо арезидентцәеи атранспорт аусзуҩцәеи — амшынуаа, автобусқәеи аидарамҩангагақәеи рныҟәцаҩцәа, адәыӷбақәа рҿы аусзуҩцәа ихыԥхьаӡарарацәатәу авизақәа роур рылшоит.
Аԥснытәи аделегациа Москва имҩаԥысуаз афорум "Зегьы Урыстәылазы: Ауаажәларрақәа" рхы аладырхәит.Аделегациа аилазаараҿы иҟан Аинклиузивтә туризм ассоциациа анапхгаҩы, "Аԥсны акоманда" афиналист Руслана Гьергьедааԥҳа, "Пятнашка" акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩ Алиас Аҩӡба.Гьергьедааԥҳа илҳәеит, 1992-1993 шықәсқәа рзы аибашьра аветеранцәеи Иҷыдоу арратә аоперациа алахәылацәеи рзы ареабилитациатә проект шцәырылгаз. Аԥснытәи аветеранцәа рхаҭақәа уи аиҿкаара рхы аладырхәыр рылшоит."Ари иҷыдоу арратә операциа алахәылацәа рзы зеиԥшыҟам лшара дууп, қәҿиарала згәабзиара ашьақәыргылара зылшаз ауаа рыҽрымадаразы", — ҳәа азгәалҭеит лара.