Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа русура иацырҵоит рнапынҵақәа рынагӡаҩцәа раҳасабала. Абри азы Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рдепутатцәа рзинмчқәа рыҿҳәара ахьынҵәаз инамаданы. Ахадарақәа рнапхгаҩцәа рзы акандидатурақәа ҿыц иалху адепутатцәа ишьақәдырӷәӷәароуп. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа Ноиаабр 8 рзы Аԥсны араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысит. Иалхын 160-ҩык инареиҳаны адепутатцәа, араионтә алхратә комиссиақәа аҵыхәтәантәи алҵшәақәа реихшьаалара иаҿуп.
Аԥсны амилициа активла жәларбжьаратәи аусеицура арҿиоит, ҷыдала аҭыԥ ду аанакылоит урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаимадара иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут амилициа амшныҳәа инамаданы."Еицаҳзеиԥшу аҽазыҟаҵарақәа, аоперативтә дыррақәеи аԥышәа бзиақәеи реимдара, иаҳзыҟарҵо аматериал-техникатә цхыраара уҳәа алшара ҳнаҭоит ашәарҭадара аусхк аҿы актуалтә зҵаарақәа рыӡбара", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аԥсны акультура аминистрра Рушьбеи Смыр ибаҟазы аицлабра рыланаҳәеит.Уи мҩаԥысуеит 2026 шықәса абҵарамза 10 инаркны хәажәкырамза 15 рҟынӡа. Аицлабра иалахәхар ҟалоит ареспубликеи аҳәаанырцә тәылақәеи ртәылауаа, рырҿиаратә коллективқәа. Аиааира згаз далнахуеит Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа, уи 200 нызқь мааҭ иоуеит. Абаҟа Афон ҿыц апарк хадаҿы аргылара азԥхьагәаҭоуп.
Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Леван Ԥхалаӡе Белоруссиа имҩаԥысуаз ашоу "Factor." аҿы қәҿиарала дықәгылеит. Иара инаигӡеит ашәа "Умшьамхнышгылан". "Ари ашәа аҳәара уадаҩуп, бжьылагьы, емоциалагьы. Ианысҳәоз, сгәеисыбжь саҳауан, ари баша қәгыларамызт, уи ашәала сыгәҭыха сҳәеит", — ҳәа иҩуеит Пхалаӡе. Ашәаҳәаҩ аӡбаҩцәа – Ольга Бузова, Денис Клиавер, Владимир Громов, Стас Иарушин ԥшь-бжьык ирҭеит. "Ашәа ҳәаны саналга, ахәаԥшцәа зегьы шгылаз збеит. Игәасҭеит аӡбаҩцәагьы гылан рнапы шеинырҟьоз. Уи ажәала иузеиҭамҳәо цәанырроуп", — ҳәа иҳәеит иара и-Telegram канал аҿы.
Тҟәарчал аспорттә дәы ҿыц аадыртит.Уи аартра аҳаҭыр азы ақалақь аҿы араионтә школқәа рыбжьара амҵәышәымпыл азы аиҩызаратә еицлабреи аконцерттә программеи мҩаԥгахеит."Урыстәыла ҿа" краснодартәи аҟәша анапхгаҩы Роман Марченко иазгәеиҭеит адәытә спорт хкқәа рырҿиара атәылаҿы апрофессионалтә спорт акыр ишацхраауа."Ҳара аринахысгьы Аԥсны ауааԥсыра рзы еицаҳзеиԥшу апроектқәа наҳагӡалоит, избан акәзар ҳара ҳашьцәа реиҧш шәҳаԥхьаӡоит, ҳара шәышықәсала аиҩызареи аимадара ӷәӷәақәеи ҳаидыркылоит", — иҳәеит иара.