Бадра Гәынба Никарагуа ахада Даниель Ортега 80 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит Ортега иԥсҭазаара зегьы хамеигӡарада Аԥсадгьыл амаҵ ауреи уи аинтересқәа рыхьчареи ишырҿырԥшыгоу."Ҳара даара рыхә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсни Никарагуеи еидызкыло аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи аилибакаареи, иҭабуп ҳәа ахҳәаауа иаҳгәалаҳаршәоит шәтәыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазҵаз раԥхьатәи атәылақәа ишреиуаз", — аҳәоит адныҳәалара атекст.
Аицлабра "Росмолодежь.Гранты" аҿы 400 рҟынӡа апроектқәа 200 миллион мааҭ инарзынаԥшуа агрантқәа роуеит.Аԥсны ахаҭарнакцәа раԥхьаӡа акәны арзаҳалқәа аларҵеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко."Урҭ аҿар асоциал-економикатә ҿиара аспектр зегьы зҵазкуа, Урыстәыла арегионқәа зегьы рҿы аусуразы ихәарҭахо апроектқәа цәырыргеит", - ҳәа иазгәеиҭеит иара.Иара иажәақәа рыла, 394 проект адгылара роуеит.Агрант зегь иреиҵоу ахәҧса 74 000 мааҭ иҟоуп, иреиҳау - миллионк.
Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҩбатәи аикәыршамҩаҿы автобусқәа рныҟәара ԥкуп иахьа.Ауаажәларратә транспорти амашьынақәеи рныҟәара ҟалоит актәи амҩеикәыршаҿы мацара, аныҟәара ԥкуп Уасил Лакәабеи Чалмази рымҩа аганахь. Уи зыхҟьаз уа имҩаԥырго аремонт усурақәа роуп ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара.
Аҟәа Араион ҿыц аҿы аӡыршә аҿы ԥштәырацәала еилаԥсоу алашарбагақәа аҿаркит.Нижни Новгород иҟанаҵо ацхыраара иабзоураны зеиҭашьақәыргылара иаҿу апарк атехникатә аартра абҵарамза анҵәамҭазы имҩаԥысуеит.Уа 2 000 рҟынӡа аҵиаақәа еиҭаҳахоит, еиуеиԥшым ақәрақәа ирыҵанакуа ахәыҷқәа рзы ахәмарырҭақәа рыла еихшахоит, аԥсшьарҭа ҭыԥқәа аԥҵахоит, анапыӡәӡәарҭақәа шьақәыргылахоит.
Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы Аԥсныҟа заагара иақәиҭым аҭаҭын аалыҵқәа ааныркылеит.Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы иҟанаҵаз адыррақәа рыла, 28 шықәса зхыҵуа Аҟәа инхо Асҭамыр Шьакаиа зыԥсҟы икыз Toyota Alphard аҿы електронтә сигареҭқәа, урҭ рзы аӡшьарқәа, аҭаҭын арԥхага лабыҵәқәа, 32 сигареҭ ҭоԥқәа ҭан.Ҿырҳәала акәыз, ҩырала акәыз — Шьакаиа изҭоу атауар аӡбахә имҳәеит ҳәа аарыцҳаит Аҳазалхратә еилакаҿы.Аалыҵ имырхит. Аус аматериалқәа аусбарҭа заатәи аҭҵаареи аҳазалхратә ҭҵаареи рыҟәшахьы ирыҭоуп.