Аԥсуа қыҭақәа рыҿиареи реиқәырхареи рзы азҵаарақәа ирылацәажәеит Бадра Гәынбеи Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аекспертцәеи.Атәыла ахада иазгәеиҭеит ақыҭақәа рыда аԥсуа ихаҿреи икультуреи аиқәырхара шыҟамло."Ақыҭақәа — адоуҳамч ҳазҭо, ҳатрадициақәа шьаҟас ирымоу ауп. Ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи еиқәҳархар ҳҭахызар — ҳқыҭақәа рӷәӷәатәуп", — иҳәеит Гәынба.Аҵарауаа атәыла ахада еиуеиԥшым апроектқәа идыргалеит, урҭ рахьтә иҟоуп хара имгакәа зынагӡара алыршахогьы.Аиԥылараҿы иазыӡбан — ҳтәыла мрагылареи мраҭашәареи рраионқәа рзы аԥышәаратә проектқәа ҩба еиҿкаазарц..
Аԥсни Урыстәылеи рзинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа иҟалаз ахысра аусҭҵааразы иаарласны агенетикатә експертиза амҩаԥгара иалацәажәеит.Абри атәыАԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысыз аилатәараҿы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут."Ацәгьоура лабҿаба избаз, ашаҳаҭцәа рышьақәыргылара хымԥадатәиуп. Ахҭыс ахронологиа зегьы еиҭашьақәыргылатәуп. Ацәгьа зуз ауаҩы дахьыҟоуи иара ихаҿԥшреи ирызкны иахьынӡазалшо адыррақәа риура аҭахуп. Дызлахьаҵыз амҩа ҳәа агәаанагара ззыҟоу амаршрут аусеиҭадулатәуп", — иҳәеит Кьиут
Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра алшара роуеит акультуратә ԥшьгамаҭқәа рзы Урыстәыла ахада ифонд агрантқәа роуразы.Афонд ахаҭарнакцәа хымш ирылагӡаны Аҟәа арҵаратә лекциақәа ирыԥхьалоитиҳәеит афонд адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Евгени Мурахвери.Уи иазгәеиҭеит, Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа змоу Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла икоммерциам аиурист еилазаарақәа, ахаҭалатә наплакқәаа, зҭакԥхықәра ԥку аилазаарақәа раартра рылшоит, Урыстәылатәи иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәеи дареи русеицурала.Иарбанзаалак агрант азы арзаҳал алаҵара ҟалоит, аԥаратә ахышәаҵышәазы ҳәаа ыҟаӡам.Арзаҳалқәа рыҭара ҟалоит ԥхынҷкәын 2 рҟынӡа. Уи азы Афонд асаит аҿы уҽҭауҩыроуп. Апроект анагӡара ҿҳәарас иамоуп 19 мзы.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго ахԥатәи Жәларбжьаратәи авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи реицлабра мҩаԥысран иҟоуп ажьырныҳәа 2027 шықәсазы.Апроект адгылара аиуит акультуратә ԥшьгамҭақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд аҟынтәи.Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа 2022 шықәса аахыс ари аицлабра мҩаԥылгоит.2023 шықәсазы аицлабра алахәхаразы 23 тәыла рҟынтәи 980 рҟынӡа зыҳәа нашьҭын, аиааира згаз рыхьӡқәа рылаҳәан ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамзазы.
Аԥсны амилаҭтә спорт хкқәа рҭоурыхи, урҭ рыҿиашьеи ирылацәажәеит Самара имҩаԥысуаз XIII Жәларбжьаратәи афорум "Урыстәыла – аспорттә ҳәынҭқарра" аҟны, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы астас-маӡаныҟәгаҩ Идрис Кара-Османоӷлы. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩ-ҭыԥк рҟны ҳақәгыларц алшара ҳауит, акы — амилаҭтә хәмаррақәа, егьи — "иҳәаадоу аспорт". Атемақәа аинтерес рыман. Ҳара ҳделегациа акырӡа иазҿлымҳахеит, аибабарақәеи аицәажәарақәеи рацәаны иҳауит. Ас еиԥш иҟоу афорумқәа рҟны иҳабжьаҳҵо аимадарақәа алҵшәақәа роуеит, урҭ ҳаԥхьаҟа иҳацхраауеит", — иҳәеит иара.