Арадио

Амилаҭтә хаҿра аиқәырхара иазку аконференциа мҩаԥысуеит ААУ аҿы: аҵарауаҩ иҿцәажәара

Sputnik
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысуеит аҩбатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа "Ахатәы бызшәа, алитература, афольклор: иахьатәи аҭагылазаашьеи аԥеиԥши" ҳәа хьӡыс измоу. Афорум еиҿыркааит афилологиатә факультети Аԥсуа-адыга афилологиа ацентри. Аконференциа ахықәкы, иарбан зҵаарақәоу ахшыҩзышьҭра ззаарԥшу, Кавказ аешьаратә республикақәа рҟынтә уи иалахәу, еиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Аԥсуа-адыга филологиа ацентр анапхгаҩы Ахра Анқәаб.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.
Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа "Ахатәы бызшәа, алитература, афольклор: иахьатәи аҭагылазаашьеи аԥеиԥши" мҩаԥысуеит абҵара 13-14 рзы.Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә хаҿра абызшәеи, алитературеи, афольклори рыла аиқәырхара, арҿиара иазку актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәоит аҵарауаа.