Ашьақар чымазара аҿагылара Адунеизегьтәи мшуп абҵара 14. Миллионҩыла ауаа ргәабзиара иҽеимкәа анырра азҭо ачымазарақәа ируаку ицәарнаго ауадаҩрақа ҳгәаланыршәоит арыцхә. Аԥсны ари ачымазара абанӡарныԥшуеи, ишԥаҟоу аҭагылазаашьа, ашьақар чмазара зызцәырҵуа есышықәса рхыԥхьаӡара иацлома, иарбан гәаҭарақәоу изхыстәу уи алкааразы, насгьы ауаҩы дызлеибарку ицәеижьхәҭақәа рахьынтә еиҳа ԥырхага знаҭо арбану, цхыраарас иахьазы ачымазцәа аҳәынҭқарра аҟынтә ироурц рылшо, еиҭалҳәеит аҳақьым-аендокринолог Рената Анқәабԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.