Гагра харада ауаа ахьыршьуаз аҭыԥ ҭырҵааит: аҵарауаҩ иҿцәажәара

Sputnik
1930-тәи ашықәсқәа рзы харада ахара зыдҵаны иҭаркуаз ҳтәылауаа ахьдыргәаҟуаз Гагра НКВД ахыбраҿы археологиа - аексгумациатә жрақәа мҩаԥган уажәааигәа. Ишазгәаҭоу ала иқәгылоуп азҵаара уи аҭыԥаҿы аԥхьаҟа амузеи аартра. Иарбан усурақәоу имҩаԥгаз ахыбраҿы, хықәкыс иҟаз, насгьы уи аҩны аиҭашьакәыргылара абанӡахадоу аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхаразы, имҩаԥгаз археологиа-ексгумациатә усурақәа иаадырԥшыз ыҟоума, еиҭеиҳәеит аусутә гәыԥ напхгара азызуаз Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы аҳәынҭусбарҭа ахантәаҩы Гарри Сангәлиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.