Ихадоу атемақәа

Sputnik
Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи амодуль мҩаԥысуеит абҵарамза 26-28 рзы. Уи алахәылацәа аҟаза-иклассқәеи, аекспертцәа рыҿцәажәареи, рҩызцәеи дареи реиԥылара иазыԥшуп. Апроект ахықәкы — Аԥсны аинформациатә хьыԥшымра арӷәӷәаразы адырра ҿыцқәа рыҭара ауп. Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ԥшь-модульк рыла ишьақәгылоуп, актәи мҩаԥган жьҭаарамзазы. Аусмҩаԥгатә иалахәын ажурналистцәеи, аблогерцәеи, АИХқәа русзуҩцәеи 53-ҩык.
Аҳәынҭекспертиза хада Адлертәи ахыкәшамҩаду аргылараҿ ихадоу аетап шьақәнарӷәӷәеит. Ари аетап зегь реиҳа иуадаҩу, аџьабаа рацәа зҭаху етапуп, избанзар, уи Урыстәыла зегьы раасҭа иау амҩатә ҳаԥкылҵақәа ҩба рыргылара аҵанакуеит. "Ԥхьаҟатәи аобиект атехнологиатә ҟазшьақәа рҟынтәи жәпакы раԥхьаӡакәны инагӡахоит", — аанацҳауеит "Автодор". Аҳаԥкылҵақәа 250 метра аҵаулара аҟны ишьақәыргылахоит, роура 5,9 километра ҟалоит. Урҭ рҟны 11 адгьылҵаҟатәи аиасырҭақәеи, 98 метра иҟоу аҳауацқьаратә шьаҟаи, 916 метра зоура ыҟоу аестакадеи, аҵаргәақәеи рыҵанакуеит. Уажәазы ақыҭа Високое аҟны аҳаԥкылҵаҿы аусуразы амашьына ҷыдақәа реидкылараз аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.
Аԥснытәи арҵаҩцәа Москва имҩаԥысуа афорум "Учу великому" иалахәуп. Аделегациа иалоуп аурыс бызшәа арҵаҩцәа ааҩык ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҵара аминистрра. Афорум хыркәшахоит абҵарамза 21 рзы. Аиҿкааҩцәа — агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рфонд "Ҳара ҳҭоурых", Урыстәыла аҵара министрра адгыларала. Ахықәкы — аурыс бызшәеи алитературеи рҵара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара, арҵаҩцәа разыҟаҵараҿы аинновациатә знеишьақәа рыҭҵаара.
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны аԥҳәыс дҭахеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ААИ аиҳабы Дамеи Аҩӡба. Амашәыр ҟалеит ҳәа адырра ҟалеит ашәахьа асааҭ 23:10 рзы. Амашьынарныҟәцаҩ аԥсҟы изнымкалеит, ажра дҭаҳаит, амашьына амца акит. Аныҟәцаҩ амашьына дҭыҵит, аха иԥҳәыс лҭыгара залмыршахеит. Ахаҵа ахәышәтәырҭахь днаргеит. Аҳақьымцәа рыцхыраара аниоу ашьҭахь аҩныҟа доужьҭын.