Жәларбжьаратә афестиваль "RТ.Док: Ҳфырхацәа раамҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны адокументалтә фильм "Аԥсуаа Донбас: аинтербригада "Пиатнашка", ахатәгәаԥхарауаа рхроника" аԥхьарбара мҩаԥысит. 58 минуҭ ицо афильм рызкуп арратә операциа ҷыда азонаҿы иҭахаз Аԥсны аҵеицәа ргәалашәара. Афильм автор — Павел Кукушкин, арежиссиор — Дмитри Мишин. Кукушкин иазгәеиҭеит, ари афильм хроникоуп, Арратә операциа ҷыда алагамҭа инаркны аибашьрақәа раан иҭихыз зегьы шеиднакылаз. "Сгәыӷуеит, ишәзааигәоу, шәҭынхацәа, шәҩызцәа жәбап ҳәа. Урҭ рҟынтәи џьоукы иахьа иҳацҟаӡам, иҳацәцахьеит, аха урҭ зегьы ҳгәалашәараҿы иаанхоит, ари афильмгьы дара афырхацәа ирызкуп", — инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба дрыдышшылеит иҷыдоу арратә операциаҿ иҭахаз аибашьҩы Хуан Карлос Вальдес иҭаацәа. Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит Вальдес ифырхаҵаратә мҩа хашҭра шақәым ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура. Хуан Карлос Вальдес Куба диит. Иара 20 шықәса раԥхьа Аԥсны еиҭагаҩыс аусура дааит, Гагра иеибадырит иԥшәмаԥҳәыси иареи, ус ара дагьаанхеит. Вальдес иҳаҩсыз ашықәс жьҭаарамзазы хатәгәаԥхарала арратә операциа ҷыдахь дцеит, аха хәажәкырамза 27 рзы хабарда дыбжьаӡит. Иара иԥсыбаҩ рыԥшааит абҵарамза 11 рзы Ӡержинск амҵан.
Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи амодуль мҩаԥысуеит абҵарамза 26-28 рзы. Уи алахәылацәа аҟаза-иклассқәеи, аекспертцәа рыҿцәажәареи, рҩызцәеи дареи реиԥылара иазыԥшуп. Апроект ахықәкы — Аԥсны аинформациатә хьыԥшымра арӷәӷәаразы адырра ҿыцқәа рыҭара ауп. Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ԥшь-модульк рыла ишьақәгылоуп, актәи мҩаԥган жьҭаарамзазы. Аусмҩаԥгатә иалахәын ажурналистцәеи, аблогерцәеи, АИХқәа русзуҩцәеи 53-ҩык.
Владимир Путин инапы аҵеиҩит ахәыҷқәа атерроризми ацәгьоуреи иазаазго ахаҿқәа аҭакԥхықәра рықәызҵо азакәан. Уажәшьҭа уи азы иԥсы ҭанаҵы ашьауӷа иқәҵахар алшоит. Иара убас, азакәан иарбоуп адиверсиатә цәгьоурақәа мҩаԥызгаз аҭакԥхықәратә қәра 14 шықәса рҟынӡа аларҟәра, ус еиԥш иҟоу ацәгьоурақәа рзы аамҭа ахылара аԥыхуп, иԥсыҽу ашьаус рықәҵареи ма ҭакрада аҿҳәара рхыгареи рзы азин аанкылоуп.