Аԥсны иааиуа ашықәс азы абиуџьет иаҵанакуа аусзуҩцәа ркатегориа хадақәак руалафахәы аиндексациа азура азԥхьагәаҭоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит афинансқәа рминистр Саид Гәбаз.Уи аҵарадырреи, агәабзиарахьчареи, акультуреи, аспорти рҿы аус зуа ирызкхоит, ҳәа иҳәеит иара.Аиндексациа ареспублика ахатәы ԥарақәа рыла имҩаԥгахоит.Урыстәылатәи афинанстә цхыраара ала азинхьчаратә усзуҩцәа руалафахәгьы еизҳауеит ҳәа иҳәеит Гәбаз.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа аҭыԥ змаз ахысра аганахь ала агәҩара ззыҟаз аҩбатәи ауаҩы дарбаандаҩит.Шараҭ Џьыкырба даанкылан абҵарамза 15 рзы. Уи, азеиԥш шәарҭара зҵоу ҩыџьа, ма инариеҳаны ргәабзиара ашәарҭара азҭаз ауаҩшьра иҽазишәеит ҳәа агәҩара ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.Уаанӡа, абҵарамза 14 рзы дырбаандаҩын Асҭамыр Шьынқәба.Абҵарамза 11 рзы Аҟәа Гәыматәи амҩаҿы иҟалаз ахысраан хәҩык ахәрақәа роуит, ԥыҭрак ашьҭахь урҭ руаӡәк ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит
Амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа автоматтә ҭаҩра аус адулареи ахылаԥшреи рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҟәша анапхгаҩ ҿыц дҟаҵоуп.Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба, иахьа Аҩныҵҟатәи аусқәа ақалақьтәии араионтәии русбарҭақәа рҿы ААИ аҟәшақәа рхадацәа реилацәажәараҿы Ҳаџьараҭ Бганба аколлектив дыдирдырит.
Ақыҭанхамҩатә институт ааӡарҭа хадырҭәааит аекзотикатә шәырхкқәа рыла: абанан — жәа-хкык, апапаиа — ф-хкык, аманго — ҩ-хкык, питаиа — ҩ-хкык, гуава, авокадо, ашьақаркалам. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аинститут адиректор Лиосик Аиба."Абарҭ аекзотикатә шәырхкқәа Аԥсныҟа иааганы еиҭаҳан лаҵарамза 9 рзы. Иахьазы шә-шьапык рҟынӡа ҳамоуп, урҭ рҟынтәи абанан ҩ-хкык ҿаҳхратә иҟалоит, апапаиа ф-хкык ашықәсы ҿыц азы аҽаҩра ҳауеит", — иҳәеит иара.Аиба иазгәеиҭеит Асовет аамҭазы аус зуаз, аха аибашьра ашьҭахь игәыгәҭыжьны иҟаз ҩ-рԥхарҭак рхартә мчқәа рыла ишышьақәдыргылаз.
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" даҽаџьара иузымԥшаауа адыррақәа реизгаразы зеиԥшыҟам мҩоуп, ҳәа азиԥхьаӡоит актиор, арежиссиор Ҭемыр Ҭаниа.Иара иҳәеит, "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" аԥшьбатәи рмодуль ахь диасны, ихазы иҿыцу аусхк шҭиҵаауа."Сара схазы ирацәаны аҿыцрақәа еилыскааит: атехнологиақәа, адыррақәа, ахықәкқәа, иааизакны адунеи амчрақәа зызхәыцуа, ҳахьыҟоу адунеи ахырхарҭа. Уи сара сзы игәырӷьара дууп", - иҳәеит иара. 53-ҩык аԥсуа медиазанааҭдырҩцәа аҽазыҟаҵара иахьаҿу апрограмма "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи амодуль абҵарамза 26-28 рзы имҩаԥысраны иҟоуп.