Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аҳазылхратә еилагарақәа рзы ахараԥса 7 млн мааҭ инареиҳаны Аԥсны абиуџьет иаланагалеит.Абри атәы иҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа атәыла ахадеи иареи реиԥылараҿы.Иара аҳәынҭқарра ахада изеиҭеиҳәеит 2025 шықәса жәамзтәи аилак аусуразы аҳасабырба:◾️50 инареиҳаны аоперативтәи апрофилактикатәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥган, иаарԥшын 219 административтә еилагарақәа.◾️Урыстәыла аусацура арӷәӷәара иазырхоу аусура иацҵоуп.◾️Аелектронтә аҳазылхратә хылаԥшра алҵшәақәа аҩганктәи азхаҵара азы апротокол аиҭакра мҩаԥысуеит. Аилатәараҿы иара убасгьы иазгәаҭан 2026 шықәсазы ихадоу аусқәа: ашәарҭарақәа рнапхгаратә система аԥҵара, аҳазылхратә закәанԥҵара аиӷьтәра, аинформациатә ӡбара ҿыцқәа рынагӡара.
Аҳазатә шәарақәа рзы жәамзтәи аплан 1% ала еиҳаны ишынагӡоу аҳәынҭқарра ахада иеиҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа. Иара иазгәеиҭеит ахашәалахәқәеи аизгақәеи реизҳара. Хьециа иажәақәа рыла, ари аизҳараҿы хадара злоу аимпорт ауп, уи 10% рыла еизҳаны 43 миллиард мааҭ ҟалеит."Аамҭахәҭа аихшьаалақәа рыла аекспорт 12% рыла еиҵахеит, иартәеит 5 миллиардки 25 миллиони мааҭ. Аҳазалхратә шәарақәа рнапхгара аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны 3,7 миллиард мааҭ еизнагеит, ари 2024 шықәса иаҿырԥшны 347 миллион мааҭ еиҳауп.Ареспубликаҿы иааизакны атауареикәыршара 48,5 миллиард мааҭ инареиҳаны иҟалеит, уи иҳаҩсыз ашықәс иара абри аамҭахәҭа аасҭа 3,2 миллиард мааҭ рыла еиҳауп.
Псковтәи аҳәырԥсарра-музеи аҟны имҩаԥысит Аԥснытәи ажәытәӡатәи ақьырсиантә ныҳәарҭақәа ирызку аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.Уаҟа Ацәыргақәҵаҿы иҟоуп асахьаҭыхыҩцәа Ҭемыр Ҵәыџь, Диана Воуԥҳа, Данил Допуа, Адгәыр Ԥлиа, Владимир Бернадин уҳәа 60 усумҭа.Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Псковтәи аобласт ахада Михаил Ведерникови.Ацәыргақәҵа еиҿкаан нанҳәамзазы Псковтәи аобласт аделегациа ареспублика рҭаараан ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны.Ацәыргақәҵа аартуп ԥхынҷкәын 28 рҟынӡа.
Аԥсны ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раан урыстәылауаа аԥсшьараз еиҳа иалыркаауа х-ҭыԥк рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп.Актәи аҭыԥаҿ игылоуп Белоруссиа, аҩбатәи — Аԥсны, абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит "Атуристтә маҵзурақәа ралианс" ахада ихаҭыԥуаҩ Алексан Мкрчиан.Иара убасгьы, аԥыжәара змоу рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп Ермантәыла, Ҟазахстан, Узбекистан.Иара иҳәеит, ихароу атәыла алхра еиҳарак изыбзоуроу дахьынхо аҭыԥ шакәу — Урыстәыла мраҭашәара акәу мрагылара акәу.Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа инаркны цәыббрамзанӡа урыстәылауаа Аԥсны 4,6 млн ныҟәара мҩаԥыргеит.