Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Беслан Бебиа идунеи иԥсахит: акәашаҩ идҳәалоу агәалашәарақәа

Sputnik
63 шықәса дшырҭагылаз идунеи иԥсахит Леон иорден занашьоу Едуард Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" адиректор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Беслан Бебиа. Аԥсуа культура аӡыргараҟны иааԥсарақәа, иқәиргылахьаз акәашарақәа, ихаҭа солистк иаҳасабала асценаҟны ицәырҵра, ансамбль аҿы илагала, далацәажәеит аефир аҟны ансамбль "Ерцахә" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Вианор Логәуа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.