Атәыла ахада Бадра Гәынба дырԥылеит адомино азы жәларбжьаратәи афедерациақәа рнаԥхгаҩцәа Мануел Окендои, Ефраин Веласкеси, Хуакин Мартинеси, Борис Борзови. Дара ареспубликахь иааит Аԥсны адомино Афедерациа раԥхьатәи ахада Артур Габуниа игәалашәара иазку Иаарту Жәларбжьаратәи аицлабра иалахәхаразы. Аицлабра мҩаԥысуеит абҵара 21-24 рзы Афон ҿыц. "Ҳара ҳазгәдууп 2011 шықәсазы Аԥсны адомино азы Адунеи ачемпионат ахьымҩаԥысыз. Ари ҳара ҳзы акыр зҵазкуа хҭысуп, ҳаиԥылара схы иархәаны исҳәар сҭахуп, 2027 шықәсазы ҩаԥхьа адомино азы Адунеизегьтәи ачемпионат амҩаԥгара ҳшазхиоу", — ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба уаанӡа адҵа ҟаиҵахьан акыр шықәса зхыҵуа аҭҵаарадырратә усбарҭа шьаҭанкыла ашьақәыргыларазы. Аиҭашьақәыргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ажәытә афымцацәаҳәақәа ԥсахын. "Аҳәынҭқарра ахада хаҭала даҭааны ибеит, зегь реиҳа иуадаҩыз аҭыԥқәа рырҿыцразы адҵа ҟаиҵеит. Уажәшьҭа ҳгәы рҭынчны аҳауа архьшәашәагақәеи, акомпиутерқәеи, арԥхагақәеи аҿаҳкыр ҳалшоит. Даара иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит", — ҳәа иҳәеит аинститут аиҳабы Арда Ашәба.
Владимир Путин иахьа агәыԥ "Запад" акомандаҟаҵаратә пунктқәа руак даҭааит ҳәа адырра ҟаиҵеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков. Путин акомандаҟаҵаратә пункт аҿы аилатәара мҩаԥигеит, Константиновка, Краматорсктәи ахырхарҭа, Купианск акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа азы инарҭбаау ажәахәқәа дырзыӡырҩит.
Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны сынтәа Аҟәа араион аҟны афымцалашара иаҳа имаҷны иныхуп ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Аҟәа араион аҟәша аиҳабы Даур Ҷыҭанаа. Иара иажәақәа рыла, асеиԥш афымцеиҷаҳара зыбзоуроу иқәыргылоу аԥхьаӡагақәа роуп. Иҳәеит араион аҟны иааизакны 2200 инареиҳаны аԥхьаӡагақәа шырзықәдыргылахьоу. Иара убас, Ҷыҭанаа дазааҭгылеит Аҟәа араион аҟны афымцалашараз ашәарақәа шымҩаԥысуа, афымцацәаҳәақәеи ашьаҟақәеи рҭагылазаашьа уҳәа ртәы.