Ашьапылымпыл асҩы ду Никита Симониан игәалашәаразы

Sputnik
Никита Симониан иԥсҭазаара далҵит. Жьҭаара 12 рзы еицырдыруа ашьапылампыласҩы 99 шықәса ихыҵит. Иара диит 1926 шықәсазы Армавир, 30-тәи ашықәсқәа рзы иҭаацәа Аҟәаҟа ииасит, араҟа иалагеит ишьапылампылтә нысымҩа. СССР ачемпион, СССР Ахраҿа занашьоу, ашьапылампыласыҩ Никита Симониан аҟәатәи "Динамо" дааӡамҭоуп. Москватәи акомандақәа "Крылья Советов", "Спартак" рыҟны дыхәмаруан. "Спартак" далахәны Никита Симониан ф-чемпионатк рҿы даиааиит СССР Ахраҿақәа хәба игеит, акомандаҿ иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа ахьӡ даԥсахеит. Амба иҭаиршәит 160 мпыл. Симониан — "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара ианашьоуп, жьҭаарамза 10 рзы Аџьа Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан.Никита Симониан аԥсуа шьапылампыл аҟны илагала далацәажәоит Шамиль Аӡынба.