Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны аҵакыраҟны хҩык Урыстәыла атәылауаа рықәымчра ахҭыс ала ашьаус хацыркуп.Аусҭҵаара мҩаԥысуеит гәыԥҩык ауаа заанаҵы еицәажәаны, абџьар ҳасабла ахархәара змаз амаҭәарқәа рыла ацәгьоура руит ҳәа ахҭыс аганахьала. Ааха — 1,9 млн мааҭ ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи АҩАР аҟәша. Иазгәаҭоуп, ацәгьоура иалахәын ҳәа ишышьақәырӷәӷәоу Аԥсны атәылауаа Кан Кәарҷиа, Ешсоу Какалиа, Хына Думаа. Дара рганахьала афедералтә шьҭазаара рылаҳәоуп, уи азы адырра рыҭоуп ареспублика иахәҭоу амаҵзурақәа аԥсуа-аурыс еиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны. Анаҩс, зыхьӡ арбоу ахаҿқәа "Интерпол" аканалқәа рыла ашьҭазаара рыларҳәоит ҳәа азгәаҭоуп атекст аҟны.
Аицлабра "Аԥсуа ҳәаа" раԥхьаӡа акәны Аҟәа ԥхынҷкәын 1 азы имҩаԥгахоит. Уи 300-ҩык рҟынӡа ауаа рхы аладырхәуеит. Кьалашәыртәи адәыӷба аанҿасырҭа аҟынтә апрофессионалтә мҩаду азырхиара иаҿуп, уи аицлабрақәа рышьҭахь зегьы рзы иаартуп. Амҩаду иаҵанакуеит 20 раҟара ԥынгыла – амч, аласра, ачҳара ԥызшәо. Апрограмма иара убас иаҵанакуеит иаарту аҽазыҵарақәеи арбаратә қәгыларақәеи, иара убасгьы аицлабрақәа рынҭыҵгьы ахԥышәара. Аҽҭаҩра абҵара 28 рҟынӡа имҩаԥысуеит, алахәхара хәыда-ԥсадоуп. Аусмҩаԥгатә еиҿыркаауеит "Аԥсны акоманда", урыстәылатәи "Жәлар рфронт", аиҿкаара "Изҩыдоу аԥсадгьыл ".
Михаил Рошьин ипиесала иқәыргылоу аспектакль "Аешелон" аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы. Иара Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазкуп. "Аешелон" — адәыӷба авагон аҿы машәыршәа еиқәшәаз, аибашьра ианиаз ауаа рҭоурых иазкуп. Дара рыԥсҭазаара еиуеиԥшым, аха рыцҳарак еиднакылоит. Ақәыргыламҭа арежиссиор — Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Мадина Аргәынԥҳа. Лара лажәақәа рыла, аспектакль ала ахәаԥшцәа идлырбар лҭаххеит аибашьра аҭагылазаашьаҿы ауаҩы ихаҿсахьа ицәмыӡыр шакәу.
2025 шықәсазы 160 нызқьҩык инареиҳаны аҳәаанырцәтәылауаа Урыстәыла алаларазы мап рыцәкын. Иара убас, зхатә дыррақәа ԥсахыз уи аан аԥкразы аӡбамҭа змаз хнызқьҩык рҟынӡа ауаа аҳәаа рахысра аԥырҟәҟәаан, абри азы адырра ҟаиҵеит Урыстәыла АҩАР амиграциатә маҵзура ахаҭарнак Алексеи Гасак. Атәыла алалареи анхареи рзы аԥҟарақәа реилагарақәа 30% рыла еизҳаит, 200 нызқь гәаҭара мҩаԥган, аиҳарак — аргыларақәа ахьцо, аџьармыкьақәеи ахосталқәеи рҟны. Уи аԥхьа иҟаз адыррақәа рыла, 2024 шықәсазы жәымз рыҩнуҵҟа атәыла алаларазы мап рыцәкын 180 нызқьҩык ҳәа.