Ӡыда иҟоуп Аҟәа ахәҭак: анџьныр хада ицәажәара

Sputnik
Аҟәеи Аҟәа араиони рыхәҭак ӡыда иаанхеит авариа иахҟьаны. Уи аԥыхразы 6-7 мшы аҭаххоит ҳәа аанацҳаит "Аӡыршьҭра". Ӡыда иаанхеит Ҷанба имҩа, Аԥсилаа, аешьцәа Занҭариаа рымҩа, Мушьни Хәарцкьиа, Турбаза аҩнеихагыла дуқәа, ақыҭақәа Баслаҭеи Ӡыгәҭеи. Ари ауадаҩра аԥыхразы имҩаԥысуа аусурақәа, ақалақь егьырҭ ахәҭақәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Мераб Анқәаб.
Иара иажәақәа рыла, аусурақәа хдыркәшоит ҩба-хԥа мшы рыла, мчыбжьык иадхалаӡом.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.