Анхарҭақәа инхарҭатәым астатус ахь риагара ауам ақыҭақәа рҿы: адепутат ихҳәааАԥсны Жәлар Реизара-Апарламент анхарҭатә ҩнқәеи анхарҭатә хыбрақәеи инхарҭатәым астатус ахь риагара уақәиҭызымтәуа аԥҟара шьақәнаргылеит."Апрактика ишаҳнарбо ала, ақыҭақәа рҿы иҟоу, анхарҭаҩнқәа зтәу, анхарҭатә хыбрақәеи аҩнқәеи рыҭиразы инхарҭатәым астатус ахь ииаргоит", — ҳәа аҳәоит аилыркааратә шәҟәаҿы.Аиҭакрақәа инарықәыршәаны, иалкаау аҭагылазаашьақәа раан акоммерциатә хархәаразы аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыӡбарала инхарҭатәым астатус ахь аиагара имҩаԥгазар алшоит абарҭ рганахьала: ақалақьтә еиланхарҭақәа рҿы ауадарацәа змоу аҩнқәа актәи реихагылақәа рҿы иҟоу анхарҭа уадақәа;ақалақьтә еиланхарҭақәа рҿы ахатәыҩнқәа рҟны анхарҭатә уадақәа.
Анхарҭатә еизыҟазаашьақәа ирызку азакәанԥҵаратә актқәа рҿы аиҭакрақәа ралагалара заҭаххаз, урҭ амч анроуа, аԥҟара еилазгаз хьырхәрас ирзыԥшу ртәы еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар реизара адепутат Демур Гогьиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.