Аҳабла ҿыц аҿы иҟоу апарк аиӷьтәраз аусурақәа хыркәшоуп: анхаҩы лыҿцәажәара

Sputnik
Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҿы иахьа официалла иаартхоит аешьаратә қалақь Аладатәи Новгород ҳамҭас иаҳзыҟанаҵаз аԥсшьарҭа ҭыԥ. Иабанӡааԥсахи Аҳабла ҿыц ахаҿра, ишԥахьчалатәу уи ԥхьаҟа, ишԥарыдыркылои аҳабла иаланхо ауааԥсыра мызқәак ирылагӡаны еиҿкаахаз ари аԥсшьарҭатә ҭыԥ, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит, Аҳабла ҿыц аҿы шықәса рацәа инхо арҵаҩы ааӡаҩ Залита Ҭаркьылԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.