"Аԥсны аҿар: алшарақәа, ахаҿра, аҿиара" абри атемала Аҟәа имҩаԥысуеит Астратегиатә сессиа. Уи иалахәуп аԥснытәи аҿари аиҿкаара Росмолодежи рҟынтәи аусдырцәеи. Асессиа еиҿкаауп Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы аҵарадырратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ҩымштәи афорум иарбан зҵаарақәоу ишьҭнахыз, излацәажәоз атемақәа хадарас ирылоузеи, иарбан ҭагылазаашьоу иахьа ҳтәыла аҿартә политика аҿиараз иамоу, иабанӡаадырԥшуеи аҿар азҿлымҳара акультура, аҵарадырра, асоциалтә зҵаарақәа рганахьала, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит асессиа алахәыла, Аҿари аспорти рҳәынҭқарратә хеилак Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Камыгә Габраа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.