Уасил Царгәыш ихьӡ зху Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә анасамбль ԥхынҷкәын 5 рзы Кремль иқәгыларан иҟоуп. Уаҟа имҩаԥысуеит афестиваль «Ушәаҳәа укәаша сара с-Урыстәыла» агала -концерт. Иарбан ашәоу- кәашароу ҳансамбль ахәаԥшцәа ирызнарго, ишԥаҟале ааԥхьара, ансамбль азы ишԥамҩаԥысуеи арҿиаратә усура ари ашықәс аҩнуҵҟа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы ҳалацәажәоит.
Шәазыӡырҩы аудио.