Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аԥсны афымцамчтә нхамҩа аиҭарҿыцреи атәыла фымцамчла аиқәыршәара аҭышәныртәалареи рзы ихадоу аусмҩаԥгатәқәа ирылацәажәеит.Ҷыдала хшыҩзышьҭра рыҭан атәыла афымцамчсистема хра амани уақәгәыӷыртә аус ауларци иазырхоу Урыстәылеи Аԥсни еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара.
Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟала арратә операциа ҷыда азонаҿы иҭахаз Баҭал Бигәаа "Агәымшәараз" аорден ианашьоуп. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои иахьа Баҭал Бигәаа инышәынҭраҿ ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ аибашьҩы иҭаацәа аҳәынҭқарратә ҳамҭа риҭеит. Бигәаа абаталион "Пиатнашка" далахәны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа — Авдеевка, Часов-Иар, Курсктәи аобласт, уҳәа егьырҭ аҭыԥқәа рҿы деибашьуан. "Баҭал Џьон-иԥа дфырхаҵа иашаҵәҟьоуп. Аԥсни Урыстәылеи дырфырхаҵоуп", — иҳәеит Кириенко.
Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль ахаҭарнакра аартхеит иахьа. Ари Аԥсны аиҩызаратә командатә усура аазырԥшуа ҿырԥшы бзиоуп ҳәа азгәеиҭеит Адирекциа адиректор хада Дмитри Иванов.Уи астудентцәа иргәалаиршәеит Ахаҭарнакра аиҿкааратә зҵаарақәа инадыркны рхатәы аԥшьгарақәа рынагӡара рҟынӡа рҭахрақәа зегьы рыӡбаразы ахырхарҭа рацәа змоу ҭыԥны ишыҟоу.ААУ аректор Алеко Гәарамиа иҳәеит Урыстәыла иҟанаҵо адгылара иабзоураны ауниверситет аҿы, иара Аԥсны зегьы акыр зҵазкуа апроектқәа рынагӡара ишаҿу.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа ахаҭарнакра аартра иаҭааит иахьа. Дара акампус, аковоркингтә ҭыԥ, аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ддырбеит, имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа ртәы рзеиҭарҳәеит.Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа анапхгаҩы Дмитри Иванов инаҵшьны иазгәеиҭеит астудентцәа рхала ишырыӡбо дара рзы еиҳа актуалра злоу аусмҩаԥгатәқәа.
РУСДРАМ агастрольқәа иахьа Москва ирылагоит урҭ ԥхынҷкәын 4 рҟынӡа имҩаԥыслоит.Большаиа Ордынка иҟоу Атеатр маҷ аҿы х-спектакльк ддырбоит: Искандер иҩымҭа иалху "Ахьча Махаз", Тургенев иҩымҭа иалху "Абацәеи ахшареи", Маркес ироман "Шәышықәса азаҵәра" ашьаҭала иқәыргылоу аспектакль.Страстнои бульвар аҿы Атеатр аҟны мышкала аԥсуа литература шьаҭас измоу аспектакльқәа ҩба ддырбараны иҟоуп: Баграт Шьынқәба ирҿиамҭала "Ацынҵәарах", Џьума Аҳәба ирҿиамҭала "Аҵыҵындра".