Ҭагалан аҵыхәтәантәи амш хыркәшан Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы илахҿыхыз, ԥшшәырацәала, гьама ҳаракыла анхамҩатә бзазара ӡырызгаз ахԥатәи агастрофестиваль ала. Уажәтәи мҩаԥысит "Ҭагалан агьама: афеихоа" атеамала. Агастрофестиваль, афатә, аӡрыжә хаа, аҩы мамзаргьы еиуеиԥшым анапҟазара злоу анаплакыҩцәа раалыҵқәа рыла акыр ибеиан. Иааизакны ишԥамҩаԥыси агастрофестиваль иабанӡаднаԥхьалеи аҭааҩцәа, иарбан аалыҵқәоу урҭ иаархәарц рылшоз, ишԥарадыркылоз аҭыԥантәи анаплакцәа раалыҵ, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, агастрофестиваль аҿы заалыҵ назгаз ҳколлега, арадио аредактор-аҭыжьҩы Альбина Жьиԥҳа. Еилаҳкаап аредакциаҿ лусура еиҳа иуадаҩу мамзаргьы уи анҭыҵ иҭлыжьуа амандарин иалху аӡыхаа аҟаҵара еиҳа ицәгьоу.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.