Аԥсны ахада иҟны аибашьра аветеранцәа рхеилак аԥҵоуп: алахәыла иҿцәажәара

Sputnik
Ааигәа аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба инапы зҵаиҩыз аусԥҟала иаԥҵан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак Аԥсны ахада иҟны. Ас еиԥш ахеилак шаԥҵахо азы ҳәамҭа ҟаҵан аветеранцәа рхаҭарнакцәа рԥылараан. Аибашьра амца шыра иалҵыз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иарбан нырроу иҟарҵарц рылшо ҳаамҭазы аҳәынҭқарра аргылараҟны, аҭоурыхтә гәаларшәара аиқәырхаразы, аҿар аԥсадгьыл абзиабара рылааӡаразы, иарбан зҵаарқәоу аветеранцәа реидкыларазы, рыбзазара ахылаԥшразы, аиӷьтәразы иӡбатәу, ахеилак аԥҵара урҭқәа рзы иахьынӡацхыраагӡахар алшо? Абарҭқәа дрылацәажәеит Леон иорден занашьоу, Аҳәынҭқарра ахада иҟны иаԥҵоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак алахәыла Феликс Дауҭиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.