Аԥсны Жәлар Реизареи Урыстәыла Афедералтә Еизареи русеицура иабзоураны аԥсуа-аурыс ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рҿы актуалтә зҵаарақәа иаартны рылацәажәара алнаршоит.Абри атәы иҳәеит Апарламент адепутат Беслан Ҳалуашь Жәларбжьаратәи Аконференциа "Ихьыԥшым атәылақәа реимабзиара рпарламентбжьаратә усеицураҿы афракциақәеи, аполитикатә партиақәеи, аблокқәеи реинырра ароль" апленартә сессиаҿы.Аԥснытәи аделегациа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин иҟаиҵаз ааԥхьарала аконференциа иалахәуп.
Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Апарламенттә еилакы абжьгара ҟанаҵеит 2027 шықәса ԥхынгәымза 1 аҟынӡа "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" азакәан амч аанкыларазы азакәан апроект актәи аԥхьарала ирыдыркыларц.Иахьа, Дауҭ Хәытаба ихантәаҩрала Аԥсны Жәлар Реизараҿ аилак аилатәара мҩаԥысит.Авторцәа ргәаанагарала, аиҭакрақәа ралагалара хымԥадатәиуп, избанзар, акадастр азы азакәан аԥҟарақәа ҳазҭоу аамҭазы инҭырҳәцааны инарыгӡаӡом.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба дрыдышшылеит иҷыдоу арратә операциаҿ иҭахаз аибашьҩы Гурген Григориан иҭаацәа.Аибашьҩы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Гәылрыԥшь араион Ԥарнаут ақыҭан.
Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ашықәс ҿыцтәи аныҳәақәа рыламҭалази урҭ раани аԥсаҵлақәеи амзаҵлақәеи рыԥҟара азин ааннакылеит.Абнанхамҩаз аҳәынҭқарратә Усбарҭа, аекологиазы Аҳәынҭқарратә Еилакы, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵақәа рыҭоуп аԥсаҵлақәа рхылаԥшра арӷәӷәареи зинда рыԥҟареи раԥырҟәҟәааразы.Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы анапынҵа аҭоуп ԥхынҷкәынмза 1 инаркны 31 рзынӡа хымш рахь знык аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррахь Аԥсныҟа иаарго аԥсаҵлақәеи амзаҵлақәеи рымҽхаки иара убас урҭ аазго рыхьӡқәеи рзы адырраҭарақәа аздырхиаларц.
Урыстәыла аҵарадырра аминистрра ацхыраарала аԥсуа школқәа 14 рҿы иаатит аурыс бызшәеи алитературеи рзы иҷыдоу 15 класс.Ауадақәа рҟны аремонт ҟаҵоуп, аноутбукқәа, аинтерактивтә ӷәқәа, аклассқәа рзы аҩнымаҭәа, арҵага-методикатәи адидактикатәи материалқәа рыла еиқәыршәоуп. Иааизакны ареспубликахь иаагоуп 8, 5 нызқь ак инареиҳаны аҵаратә еиқәыршәагақәеи амаҭәахәқәеи.
Алмасхан Гәымбеи Алхас Ҳалуашьи рганахьала ихацырку ашьаус ахәаԥшразы Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭахь инашьҭуп.Гәымба хараны идырҵоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Аԥсны Афырхаҵа" Оҭари Гәымба гәҭакрыла дишьит ҳәа. Ҳалуашь — ацәгьоура ҟазҵаз иҵәыхразы.Ацәгьоура ҟалеит Лыхны ақыҭан 2025 шықәса хәажәкыра 17 рзы.