Владислав Арӡынба — иԥсадгьыл азы дпатриот дуун, Урыстәыла аҩыза иаша иакәын, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит УА ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, ателеканал Абаза ТВ, Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз. "Иара хацәнымырха Аԥсны аинтересқәа ихьчон, иԥсадгьыл иԥсы ахҭниҵеит. Аха, убри аан Аԥсни Урыстәылеи аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиашьаратә стратегиатә еиҩызара дадгылаҩын", — иҳәеит Кириенко. Иара иажәақәа рыла, аполитикцәа ирҟазшьоу "ҩбара" Арӡынба илаӡамызт. Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи иаиҭаз аинтервиу инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит ԥхынҷкәын 3 асааҭ 21:00 рзы.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәктәуп ҳәа Қырҭтәыла иҟанаҵо адҵа — ҵакыдоуп, абас аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Аминистрраҟны иазгәарҭеит Қырҭтәыла Саакашвили ирежим иацәхьамҵкәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара азхаҵара мап ацәкра иаднаҳәалоит ҳәа. "Ари аҩыза излымшо адҵа Қырҭтәыла ахаҭа иазеицәоуп. Москва иазгәанаҭеит ареспубликақәа разхаҵаразы аӡбарақәа рырхынҳәра шзалымшо", ҳәа аанацҳауеит агазеҭ "Известия" аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.
2025 шықәса ажьырныҳәа инаркны абҵарамзанӡа Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 380 нызқьҩык. Иааидкыланы иҭиу абилеҭқәа рыхә 270,3 млн мааҭ артәеит. Иарбоу аамҭахҵәа ҵыԥхтәи арбагақәа рыла, адгьыл аҵаҟатәи аџьашьахә рбеит — 395 912 нызқьҩык. Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартын ԥхынгәы 4 1975 шықәсазы.
РУСДРАМ Москва иддырбо аспектакльқәа ауаа рацәаны еизнагоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба. Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы агастрольқәа ԥхынҷкәынмза 1 азы ирылагеит, Атеатр маҷ аҿы "Ахьча Махази", "Абацәеи ахшареи" ддырбахьеит. "Сара насыԥ сыман атеатр ахьҭәыз. Иҭәуп мацара акәымкәа, нацәа узрыламҵо иҭәын, акаҭқәа зегь ҭәын. Сара сзы гәырӷьаран ашколхәыҷқәа рацәаҩны рыҟазаара, урҭ х-сааҭк инарзынаԥшуа иҵысыр ҳәа ишәаны, итәаны аспектакль иахьахәаԥшуаз", — иҳәеит Хынҭәба.