Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны атәылахьчара аминистрра анапхгаратә еилазаара аоператив-мобилизациатә еизара мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә еиҿкаан ԥхынҷкәынмза 1 азы ихацыркыз аҵарашықәс ҿыц алагара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи далахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. Бигәаа Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба ихьӡала аруаа дрыдныҳәалеит, иазгәеиҭеит адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа аныуадаҩу аамҭазы амилаҭтә шәарҭадара арӷәӷәаразы хра злоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара шхымԥадоу. Иара иҳәеит аԥышәара шарҭо аруаа рзы амаҵзура-бзазаратәи ҭагылазаашьақәа реиӷьтәра, арҵаратә система арҿыцра, аҵара-материалтә база арӷәӷәара.
Аԥсназы аенергетика аҿиара акыр аҵанакуеит, ари ахырхарҭала инагӡатәу аусқәа рацәоуп ҳәа иԥхьаӡоит Сергеи Кириенко. Аҳақәа реиҭарҿыцреи афымцаԥхьаӡақәа рықәыргылареи шьаҿа ӷәӷәоуп ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ. Алҵшәа бзиақәа ҟалар ҟалоит Аԥсни Урыстәылеи ренергетикцәа русеицура иабзоураны ҳәа иҳәеит Кириенко. Иахьатәи аамҭазы афымцамч ареспублика иазхоит, алашара ыцәозар, уи иажәыз аҳақәа ирыхҟьоит ауп иҳәеит иара. Ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи аинтервиу рыҭо Кириенко иҳәеит, хархәаҩцәақәак шықәсы рацәала афымцамч азы аԥара ршәаӡом, уи аидара ламысла афымца ахә зшәо ирықәҵатәӡам ҳәа.
Бадра Гунба идикылеит Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа аиҳаб ҿыц Иауз Аҭрышба зхадараҿы дыҟоу ҳџьынџьуаа рделегациа. Аиԥылара далахәын Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. "Шәара раԥхьа иргылан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ветеранк иаҳасабала, Аԥсны ашәарҭара ианҭагылаз шәашьцәа шәрывагыланы шәыԥсадгьыл азы шәеибашьуан. Агәра ганы сыҟоуп, иахьа шәнапы ианырҵаз аусгьы абас ҭакԥхықәра шәшазнеиуа", — иҳәеит Гәынба.
Бжьымз иалагӡаны афымцадәыӷба "Диоскуриа" 150 нызқьҩык апассаџьырцәа мҩаннагеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҧсны аихамҩақәа рҟны. Аҟәеи Сириуси ирыбжьоу афымцадәыӷба аныҟәара иалагеит лаҵара 1 инаркны. Адәыӷба аныҟәара аамҭа — 3,5 сааҭ раҟара. Амҩан иааҭгылоит Гагра, Гәдоуҭа, Афон ҿыц уҳәа. Аҳәаатә хылаԥшра мҩаԥысуеит адәыӷба аҩнуҵаҟа.