Анаплакы Аҟәатәи афымцацәаҳақәа аԥыхуп. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба. Аӡбара рыдыркылеит «Афымцамчхараз» азакәан анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи инақәыршәаны амуниципалтә хатәтәра иаҵанакуа аобиектқәа ареспубликатә хатәтәрахь ииасуеит. СУЕС аусура ианыԥшуама арҭ аиҭакрақәа, ауааԥсыра иразцәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараз шьҭа иабацатәу— абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи арадио Sputnik аефир аҿы рҭак ҟаиҵоит Ҭенгиз Блабба.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.