Есышықәса имҩаԥысуа ашықәсҿыцазтәи агәыҳалалратә акциа "Ашанаҵла" иахьарнахыс ихацыркуп. Аԥсны ауааԥсыра афондқәа "Ашанеи" "Кьарази" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа рынагӡара рылшоит. "Иахьа ҳара ақьиара апортал ааҳартуеит. Шәара ижәбоит аԥсаҵла, ашықәсҿыцазтәи ахәмаргақәа рыла акәымкәа ақьаадлых аԥҟақәа рыла ирԥшӡоу. Аԥҟақәа рмаҵәқәа ирыхьнырҳалоуп ахәыҷы ашықәс ҿыц азы ахәыҷқәа ргәазыҳәара зну ашәҟәы. Аԥҟа згаз ауаҩы дарбанызаалак уи ахәыҷы изы Аҵаа Бабаду иҭакԥхықәра ихахьы игоит", — ҳәа азгәалҭеит афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.
Аԥсны акультуреи, аԥсабареи, аҭоурыхи рдырразы ахәыҷқәа рзы ашколтә екскурсиақәа ралагаларазы ажәалагала ҟаҵан Аԥсны атуризм аминистри аекскурсиа амҩаԥгаҩцәеи реиԥылараҿы. Асҭамыр Логәуа азанааҭеидгылатә еиҿкаарақәа алархәны 2026 шықәсазтәи аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа разыҟаҵара азҵаара далацәажәеит. Иара убас аилатәараҿы азанааҭтә еилазаара рыҩнуҵҟа агидцәа рпрактикатә усура арҭбааразы ажәалагала ҟаҵан. Аминистр ажәалагалақәа зегьы ашәҟәы иарбаны идыргаларц иҳәеит.
Очамчыра араион ауааԥсыра Донбассҟа идәықәырҵо ашықәсҿыцазтәи агуманитартә цхыраара еизыргеит. Жәлар Рфронт актив раԥшьгарала араион ахадара аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы ацхыраара ҟанаҵеит ҳәа аанацҳауеит Очамчыра-Информ. Араион ауааԥсыра рхатә нхамҩақәа рҟынтәи амандарина ҳамҭас ирырҭеит. Иааидкыланы 5 тоннак рҟынӡа ашьҭра ргәы иҭоуп.
Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҵакыраҿы аҭыԥ змаз ахысраан ауаҩы дихәит ҳәа агәҩара ззыҟоу Очамчыра араион инхо Иракли Багаҭелиа дырбаандаҩуп. Абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион амилициа аҟәша аиҳабы Зосма Гыцба, араион анапхгара аилатәараҿы данықәгылоз. Уи иазгәеиҭеит, Багаҭелиа ԥхынҷкәынмза 7 рзы Аҟәа дшаанкылаз, иара Гәдоуҭатәи амлициа аамҭалатәи аанкыларҭахь дышнагаз. Багаҭелиа 2023 шықәса мшаԥымзазы Лыхнашҭа аҭәаҵла ааха аҭараҿы далахәын ҳәа игәҩара иманы даанкылан. Ашьауӷатә ус аҵаҵӷәы ахәаԥшразы аӡбарҭахь идәықәҵан. Багаҭелиа ашьауӷа иқәырҵаанӡа ихы дақәиҭтәын Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵраз азаҭ азы ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны.