Аԥсны Апарламент аҿы изаамҭанытәим асессиа мҩаԥысуеит.Жәлар реизара адлепутатцәа ирыдыркылеит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа иаднагалаз акадастр азы азакәан ахь аԥсахрақәа аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарала.Урҭ инарықәыршәаны "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" азакәан амчра аиуеит 2027 шықәса ԥхынгәымза 1 инаркны, 2025 шықәса рашәарамза 1 инаркны амчра зауз 10-тәи ахи ианкьыԥхьха ашьҭахь амчра зауа 78-и ахәҭаҷи рыда.Аԥсны аминистрцәа реилазаара 2026 шықәса ԥхынҷкәынмза 31 рҟынӡа имҩаԥыргаран иҟоу аусурақәа азгәаҭоуп
Аԥсны аџьынџьуаҩ, Урыстәыла Арбџьармчқәа рыпрапоршьик Даниил Аҟәысба-Олеиников Урыстәыла Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟала.28 шықәса зхыҵуа Даниил Москва диит, даныхәыҷыз есԥхынра иаб иаҳәшьа Медеиа Аҟәысба лҿы Аԥсны иԥсы ишьон ҳәа лара Sputnik иазеиҭалҳәеит.Даниил ашкол даналга, иаразнак аррамаҵурахьы дцеит. Донбасс ахақәиҭтәразы Арратә операциа ҷыда ианалага маҷк ааҵуаны иара Урыстәыла Арбџьармчқәа рҟны аррамаҵура дахысразы аконтракт инапы аҵаиҩит.
Sputnik-и RT-и адунеизегьтәи ахьӡ змоу аинформациатә массатә хархәагақәа иреиуоуп, убри азоуп Мраҭашәараҿ урҭ зырцәымӷу, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Лавров. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аҳәаанырцә ааигәа "Украинатәи ахҭысқәа ҟалаанӡагьы, Sputnik аума RT аума Елисеитәи аҳҭынраҿы аккредитациа рымамызт. Франциа урҭ "пропагандоуп" ҳәа рзырҳәон. Сара ари азҵаара акырынтә ишьҭысххьеит. Амц рҳәоит ҳәа рхырҳәаауеит, арахь иарбанызаалак ҿырԥштәык рзаагом", – иҳәеит Лавров
Афестиваль "Амандарина" аграффити-проект "Аиҭаира" аҳәаақәа ирҭагӡаны Тҟәарчал аспорттә школ аҭӡаҿы амурал ҭырхуеит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Street Art Abkhazia акоманда алахәыла Арсоу Берзениа."Ҳара ҳескиз аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа, ҷыдала аҽыбӷаҟазаратә спорт хкқәа ирызкуп. Ари зыҟаҳҵо шәышықәсала иааҳго ҳҭоурыхтә хәмаррақәа реиқәырхаразоуп", - иҳәеит иара.Амурал ҟарҵоит ҩыџьа асахьаҭыхыҩцәа - Кадыр Тәанбеи Арсоу Берзениеи. Иааиуа амшқәа рзы аусура иалагоит, жәамш рыла ихдыркәшахарц ргәы иҭоуп.