Аԥсны Апарламент аҿы изаамҭанытәим асессиа мҩаԥысуеит.Жәлар реизара адлепутатцәа ирыдыркылеит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа иаднагалаз акадастр азы азакәан ахь аԥсахрақәа аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарала.Урҭ инарықәыршәаны "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" азакәан амчра аиуеит 2027 шықәса ԥхынгәымза 1 инаркны, 2025 шықәса рашәарамза 1 инаркны амчра зауз 10-тәи ахи ианкьыԥхьха ашьҭахь амчра зауа 78-и ахәҭаҷи рыда.Аԥсны аминистрцәа реилазаара 2026 шықәса ԥхынҷкәынмза 31 рҟынӡа имҩаԥыргаран иҟоу аусурақәа азгәаҭоуп
Аҟәа иӡыз хаҵак амшын аҿы ааҩык аӡхәыҵалаҩцәа иԥшаара иаҿуп.Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: аӷба маҷқәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциеи (ГИМС), Аԥсны иҟоу АфШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭеи, Аҟәатәи аӡдаивинг-клуби русзуҩцәа, абри атәы иҳәеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрбеи иахьа ашьыжь еиҭа излагаз аԥшаарақәа шымҩаԥысуаз иацклаԥшуан ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аԥсны асезонтә хьҭалаларақәа ашьҭыҵра иаҿуп ҳәа Sputnik адырра алҭеит Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа. Лара лажәақәа рыла, Ареспубликатә хәышәтәырҭа есҽны иадҵаалоит ашоура змоу, еимҳәо ауаа. Урҭ ПЦР-анализ аҭаразы иахьырышьҭуа еиуеиԥшым авирусқәа рыдырбалоит ҳәа азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа."Излагәаҳҭаз ала, еиҳарак ирацәоуп риновирус, аденовирус, метапневмовирус, "гимофильная палочка" захьӡу аинфекциатә агент. Урҭ рызегьы асезонтә чымазарақәа иреиуоуп", — лҳәеит атерапевт.Арҷелиаԥҳа иазгәалҭеит COVID-19 ҳәа уаанӡа ибааԥсны ирылаз ачымазара шыҟам, иҟоу исезонтәу акоронавирус шакәу.
Даур Занҭариа изку ашәҟәы 2026 шықәса жәабранмзазы иҭыҵуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Беслан Кобахьиа."Иахьа аҭыжьырҭеи сареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, иахьа уи иақәшәо аԥара ииаагоит. Ашәҟәы авторс дамоуп еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы Максим Гуреев, уи Даур Занҭариа иҩыза Андреи Битов изку ашәҟәы иҩхьеит "Иналукааша ауаа рыԥсҭазаарақәа" асериазы", – иҳәеит иара.Кобахьиа иажәақәа рыла, ашәҟәы аҭыжьра иаԥшьгаҩцәоуп Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр адиректор Циза Гәынԥҳаи Баҭал Кобахьиеи.Ашәҟәы ҭыҵуеит 2500 атираж аманы. Атираж аиҳарак Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр иаҭахоит.