«Аԥсуа спелеологиа аҿиара аҭоурых»: аҳаԥқәа ирызкыз аҭҵаарадырратә конференциа хыркәшоуп

Sputnik
Аԥсны имҩаԥысит жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Афонҿыц аҳаԥыи Аԥсны акарстҭҵаараз ахыдҵақәеи» ҳәа хьӡыс измаз. Уи азкын ари аҳаԥы атуристтә хырхарҭала аус ауеижьҭеи 50 шықәса аҵреи, иара аазыртыз аԥсуа спелеолог Гиви Смыр диижьҭеи 80 шықәса аҵреи. Ихадаратәу зҵаарақәас иалкааз аконференциаҿы, иахьатәи аекологиатә ҭагылазаашьа иарбан нырроу иҟанаҵо аҳаԥқәа реилазаашьаҿ, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, аконференциаҿы «Аԥсуа спелеологиа аҿиара аҭоурых» ала ажәахә зманы иқәгылаз Аԥснытәи аҳаԥҭҵааҩцәа рклуб аиҳабы Алхас Смыр.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.