Урыстәыла Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ҳамҭас ианаҭеит хылҵшьҭрала иаурысу афранцыз сахьаҭыхҩы Михаил Корочански иҭыхымҭа. Ари аусумҭа аиура шԥаҟалеи, насгьы иарбан темоу иаанартуа, асахьаҭыхцәа рфонд аколлекциа ахарҭәаараҿы ҭыԥс иааннакылои, насгьы иабаҵәаххо иара, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.