Атехникатә шәҟәҭагалара абиуро аус шауц иаулоит азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" амч аиуаанӡа, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Жәлар Реизара адепутат Дауҭ Хәытаба. Иара иажәақәа рыла, Акадастртә палата ҩымз рыҩнуҵҟа аграждантә-зинтә еилаӡарақәа рзы илрыҩҩаз ашәҟәқәа зегьы азинмч рымоуп. Ԥхынҷкәынмза 2024 шықәсазы Аԥсны ирыдыркылеит азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы", иара амч аиуит жьҭаарамза 1 инаркны. Азакәан амч ԥхынгәымза 1 2027 шықәса аҟынӡа аанкыларазы азакәан апроект актәи аԥхьарала ирыдыркылеит иахьа Жәлар Реизара адепутатцәа.
Амедиа аусхк аҿиара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа рҭаххара акәын ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа ахаҭарнакра аиҳабы Иулиа Красцова. Убри азоуп хымш ирылагӡоу аинтенсивтә курс еиҿызкааз амедиацентр "ШУМ" аҟынтәи аекспертцәа рааԥхьара азы аӡбара зрыдыркылаз. Атемақәа рсиа Аҳәынҭспортеилаки дареи еицышьақәдыргылеит. "Ҳара иалҳкааит акыр зҵазкуа, ииашаҵәҟьаны хәарҭа злоу атемақәа, зегьы рзы ихәарҭаны иҟаларц азы. Алахәылацәа аҭыхрақәа рхы аладырхәит, рҟазара ԥыршәеит. Ус иҟалеит, дара арҭ ахырхарҭақәа ибзианы ирдыруан", — ҳәа азгәалҭеит Красцова.
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рҽазыҟаҵара иалацәажәеит Аҟәа ақалақь ахадараҿы. Аԥсаӡ хада аргылара иаҿуп, уи ԥхынҷкәын 23 рзы иаартхоит. Аҳҭнықалақь ахадара акультура аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыг лажәақәа рыла, ари амш аҽны аныҳәатә программа ду еиҿыркаауеит, амилаҭтә кәашарақәеи адиџьеи иқәгылареи азгәаҭоуп. Даҽа ныҳәатә ҭыԥхоит апарк "Алакә". Ԥхынҷкәын 24 асааҭ 17:00 рзы уа имҩаԥгахоит амузыкатә ашықәсҿыцазтәи ақәгылара, анаҩс 10 мшы рыҩнуҵҟа ахәыҷтәы фильмқәа ддырбалоит, аниматорцәа злахәу ахәмаррақәа еиҿыркаауеит.
Аԥснынтәи аԥсшьаҩы Урыстәылаҟа 55 литра арыжәтәџьбара аиагара иҽазишәеит. Амашьына "Ниссан" аидараҭаҵарҭаҿы 84 ԥаҭлыка аԥсуа уаҭкеи, аҩи, ауаҭкеи, акониаки, иара убас 100 ҭоԥк аҭаҭыни рыԥшааит ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхратә усбарҭа. Ахаҵа иажәақәа рыла, арҭ зегьы иара ихазы ииаигон. Аха атауарқәа рхыԥхьаӡара инамаданы, аҳазалхратә усбарҭа имхраз аӡбамҭа аднакылеит. Азинеилагаразы административтә ус аартуп.