Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба 80 шықәса ихыҵра иазку ахәылԥаз мҩаԥысит Аԥснытәи ҳәынҭқарратә филармониаҿы. Уаҟа иқәгылеит иара изааигәаз, аус ицзухьаз ауаа, урҭ ргәалашәарақәа рыцеиҩыршеит еизаз, артистцәеи ашколхәыҷқәеи инарыгӡеит ашәақәеи ажәеинраалақәеи. Аиҿкааҩцәа иреиуоу Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аиҳабы Марина Тәанԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит, ахәылԥаз аиҿкаашьа атәы.
Шәазыӡырҩы аподкаст.